Аԥсны

Аԥсны ақыҭақәа рыҿиараз апрограммала 90 проект аԥара рзоужьуп

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала 100 миллион мааҭк рзоужьуп ақыҭанхамҩатә проектқәа рынагӡаразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik. 91 проект Аԥсны ақыҭақәа рыҿиараз апрограммала 100 миллион мааҭ аԥара рзоужьуп, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ицхырааҩ Ҭеваз Ачба.
"Имҩаԥаагаз апрограмматә усурақәа рыла иҳадаҳкылеит 140 проект. Арҭ апроектқәа зегьы аминистррахь иаашьҭын, аха зегь алкаамызт. Иалкаан 91 проект", - иҳәеит иара.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡашьа аус шцо еилкаахеит
Ачба иҳәеит иалырхыз апроектқәа рҟынтә 19 проект арахәааӡара иазырхан – 8 миллионки 475 нызқь мааҭ, 9 проектк аԥсаатәааӡара – 3 миллион мааҭ, проектк аԥсыӡааӡара - миллион мааҭ.
Ачба иҳәеит аҳәынҭқарра иоунажьыз аԥарахь иаҵанакуеит ахәаҷа-маҷақәа рнырҵәаразы ауснагӡатәқәеи аветеренартә маҵзуразы алабораториа аахәара.
Апрограмма аԥҟарақәа рыла апроектқәа зтәу рхахьы иргоит ахарџьқәа рыхәҭак.
"Ари аҭагылазаашьа апроект алахәыла агәазыҳәара инаҭоит, иус даҽакала дазнеилоит", - иҳәеит Ачба.
Аминистрра апрограмма иазыԥхьагәанаҭоит хнырҳәрадатәи аԥара анхаҩцәа рыҭара.
Апрограмма апроектқәа рымҩаԥысшьа иахылаԥшуеит аусбарҭеи анаплакыҩцәеи рыбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рышьаҭала.
Ҭеваз Ачба иҳәеит ари апрограмма иааиуа ашықәс азгьы атәыла аиҳабыра адгылара арҭап ҳәа агәыӷра шыҟоу.
Аԥсны
Аԥснытәи афермерцәа ирыҭоуп ақыҭанхамҩатә маҭәахәқәа