Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи афермерцәа ирыҭоуп ақыҭанхамҩатә маҭәахәқәа

© Sputnik Абхазская деревня
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аӡбамҭала ишьақәырӷәӷәан ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма. Уи анагӡаразы иазоужьын 100 миллион мааҭ, 90 миллион мааҭ ақыҭанхамҩатә проектқәа ирзырхан, 10 миллион мааҭ амармалташь пты ақәхра иазырхан.
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ақыҭанхамҩатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2021 шықәсазы Аԥснытәи афермерцәа амаҭәахәқәа рыҭоуп, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агроном хада, аицлабратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Теваз Ачба.
Весенняя посевная в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2021
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа рынагӡашьа аус шцо еилкаахеит
"Иахьазы ақыҭанхамҩатә маҭәахәқәа раԥхьатәи ахәҭа наҳашьҭит. Ари 2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара аҳәаақәа ирҭагӡоуп. Амаҭәахәқәа ф-проекткны иҟоуп: ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулареи аԥсаатәааӡареи рзын. Уаҟа иҟоуп арҩагақәа, акәҷарқәа злахырхуа, аӡлагарақәа, ачааӡарҭақәа. Иара убасгьы аа-проектк рыла аанда зларкуа амаҭәахәқәа. Иаахәоуп х-миллионк рҟынӡа амаҭәахәқәа. Зынӡа 14 проект рзы аматериал аахәоуп", - ҳәа иҳәеит Ачба.
Хара имгакәа иазыԥшуп аиҭаҳатәқәеи зыжәла бзиоу аԥсаатә хкқәеи раагара.
Ачба иажәақәа рыла, иахьазы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма 40% рыла инагӡоуп. Ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахоит.
Гиви Хурхумал - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Хәырхәмал ақыҭанхамҩа апроектқәа рзы амыругақәа раахәаразы
Ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма шьақәырӷәӷәан Аминистрцәа реилазаара аӡбамҭала. Уи анагӡаразы иазоужьын 100 миллион мааҭ, 90 миллион мааҭ ақыҭанхамҩатә проектқәа ирзырхан, 10 миллион мааҭ амармалташь пты ақәхра иазырхан.
Апрограмма хә-хырхарҭак амоуп: арахәааӡара, аԥсаатәааӡара, аԥсыӡааӡара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулареи, аҵиааӡареи. Аицлабратә комиссиа 88 проект алнакааит. Афермерцәа аԥара рнапаҿы ирыҭахом, аԥарақәа апроект анагӡаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0