Аԥсны

Аҟәа ахәҭак аҟны аӡы аҟамзаара зыхҟьаз рҳәеит

Аҟәа ахәҭак ауааԥсыра ԥхынҷкәын 2 шьыжьаахыс ӡыда иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟоуп аӡыҭгагатә станциақәа рҿы алашара амчхара ахьылаҟәу азы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа анхарҭа-коммуналтә нхамҩа адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
"Гәымсҭеи Кьалашәыри рӡыҭгагатә станциақәа рҿы афымцамч амаҷра иахҟьаны аус рызуам. Аусура ианалагогьы аамҭақәак рышьҭахь еиԥҟьоит. Ари зегьы афымца ахьазымхо ауп изыхҟьо. Аусурақәа ҳәа акгьы ҳарҿым, авариагьы ыҟам", - иҳәеит иара.
Ԥхынҷкәын 2 шьыжьаахыс аӡы ыҟам Басариа, Леон, Џьонуа, Гәлиа, Воронова уҳәа ақалақь амҩадуқәа рҿы.
Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара аграфик шьақәыргылоуп афымцацәаҳәақәа "Шьешьелети-1" "Аҽгәара" реидара ахьырацәоу азы.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" аамҭа-аамҭала алашара арцәара аграфик аԥсахрақәа аланагалеит