Аԥсны

Аҟәатәи аӡымҩангага аҟны авариа ҟалеит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал"

Аҟәа ахәҭак ауааԥсыра ӡыда иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Аҟәатәи аӡымҩангага аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны Ешба, Ажәытә ҳабла, Адыгааи Даӷьсҭанааи рымҩақәа, Аинтернат аҵакыра инхо ауааԥсыра ӡыда иаанхеит. Абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".
Иазгәаҭоуп, аҭыԥаҟны аусурақәа шымҩаԥырго.
Аԥсны
Аҟәа ахәҭак аҟны аӡы аҟамзаара зыхҟьаз рҳәеит
Уи аԥхьа Аҟәа анхарҭа-коммуналтә нхамҩа адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Гәымсҭеи Кьалашәыри рӡыҭгагатә станциақәа рҿы афымцамч амаҷра иахҟьаны аус рызуам ҳәа.