Аԥсны

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус 114-ҩык ирыдырбалеит

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35194-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28795-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 528-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 450-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 114-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 59-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 39-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 19-ҩык, урҭ рахьтә хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 69-ҩык апациентцәа, быжьҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.