Амилаҭтә туристтә еилахәыра аиҳабы Руслан Кәакәасқьыр Ҟрыми Аԥсни атуризм ахырхарҭаҟны русеицура арҿиаразы аиԥыларақәа мҩаԥигеит, уаҟа излацәажәаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит.
"…ари ԥшьымз аныиаслак уажәы иҟоу аԥсшьара аамҭа, даҽа аамзы нас иҭацәуп. Ҽаҩраҭагалан инаркны ааԥын еиҭа акурорттә аамҭа иалагаанӡа абарҭ амшқәа рзы Урыстәыла аԥсшьара, аныҳәамшқәа хымш, жәамш ианыҟоу ыҟоуп. Уажәы ахара иҟоу аара-ацара ари аамҭа ирызҭамӡар ҟалоит. Иааигәоу рхатә втобусла ианаауа ыҟоуп, ианеиҵоу ҩаха-хаха ара ирхыргартә еиԥш. Ари асезон аныҟам, ус еиԥш аԥсшьаҩцәа 7-8 нтә иҟалар, аамҭа зегьы еилоуҵар мызкы алҵоит. Насгьы ахҭысқәа ирыдҳәалоу атуризм ҳәа иҟоуп. Уигьы аус адаҳулоит уажәы. Иаҳҳәап, ацитрус сезон аан, амимоза ашәҭраан, ҽаҩраҭагалан аҩҿа аныҳәа азгәаҭара. Абарҭқәа ҳарҿуп аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлозар ҳәа агәыӷра ҳаманы", - иҳәеит Кәакәасқьыр.