Аԥсны

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус 100-ҩык инареиҳаны ирыдырбалеит

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35302-а рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28822-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 530-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 455-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 108-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 65 шықәсеи 69 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәса.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 15-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 22-а, урҭ рахьтә пациентк иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 65-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.