https://sputnik-abkhazia.info/20211203/aykhtanti-uakhyki-naki-ryla-asny-akoronavirus-144-yk-irydyrbaleit-1036586214.html
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус 100-ҩык инареиҳаны ирыдырбалеит
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус 100-ҩык инареиҳаны ирыдырбалеит
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35302-а рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28822-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара... 03.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-03T23:55+0300
2021-12-03T23:55+0300
2021-12-04T00:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0f/1033215580_0:170:3039:1879_1920x0_80_0_0_f8eeaf11faaf9254b32e5bca5e5794ae.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 455-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 108-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 15-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 22-а, урҭ рахьтә пациентк иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 65-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0f/1033215580_153:0:2884:2048_1920x0_80_0_0_701972c198c1a0b8db07247b7e7b1386.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус 100-ҩык инареиҳаны ирыдырбалеит
23:55 03.12.2021 (ирҿыцуп: 00:00 04.12.2021) Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35302-а рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28822-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 530-ҩык.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 455-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 108-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 65 шықәсеи 69 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 15-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 22-а, урҭ рахьтә пациентк иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 65-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.