АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Хықәкылатәи аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" акомиссиа 31-ҩык алнахит 65-ҩык рҟынтәи. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, акомиссиа иалахәуп 12-ҩык.
Ацхыраара зауа рахь иаҵанакит:
I агәыԥ аинвалидцәа– быжьҩык;
Аинвалид ма ихәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа – 13-ҩык;
Хәҩыки инареиҳани ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа - 11-ҩык;
Жьҭаара 28 азы Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа 2020-2022" аднакылеит.
Аҳәынҭқарратә программа аԥҵоуп 2018 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәахьаз апрограммақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы рышьаҭала.
Апрограмма "Анхарҭа 2021-2022" мҩаԥысуеит ахнырҳәрадаратә шьаҭа аманы, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Зынӡа 80 миллион мааҭ азоужьуп, 40- 40 миллион мааҭ еихшахоит 2021 - 2022 ашықәсқәа рзы.
Апрограмма инақәыршәаны анхарҭа роур ҟалоит анхарҭатә ҭыԥқәа Аԥсны аҩнуҵҟа измамыз, иахьагьы измам аҭаацәарақәа;
Актәи агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызгьы;
Аибашьраан ма змаҵзурақәа рынагӡараан иҭахаз рҭаацәа;
Хәҩыки инареиҳани ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа;
Аинвалид ма ихәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа;
Зҭаацәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рхәыҷқәа.