https://sputnik-abkhazia.info/20211203/ialkaaup-aynarrat-programma-ankhara-2022-adgylarala-ankhara-ya-zaua-1036570240.html
Иалкаауп аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" адгыларала анхарҭа ҭыԥқәа зауа
Иалкаауп аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" адгыларала анхарҭа ҭыԥқәа зауа
Sputnik Аҧсны
Жьҭаара 28 азы Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа 2020-2022" аднакылеит. 03.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-03T09:21+0300
2021-12-03T09:21+0300
2021-12-03T09:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/02/1036568432_0:65:2601:1528_1920x0_80_0_0_dceadb07c5b370b97944617a1c3e9291.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Хықәкылатәи аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" акомиссиа 31-ҩык алнахит 65-ҩык рҟынтәи. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.Акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, акомиссиа иалахәуп 12-ҩык.Ацхыраара зауа рахь иаҵанакит:Жьҭаара 28 азы Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа 2020-2022" аднакылеит.Аҳәынҭқарратә программа аԥҵоуп 2018 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәахьаз апрограммақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы рышьаҭала.Апрограмма инақәыршәаны анхарҭа роур ҟалоит анхарҭатә ҭыԥқәа Аԥсны аҩнуҵҟа измамыз, иахьагьы измам аҭаацәарақәа;
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/02/1036568432_0:0:2309:1732_1920x0_80_0_0_be710cda60760907ca0811e1b09d5ca9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Иалкаауп аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" адгыларала анхарҭа ҭыԥқәа зауа
09:21 03.12.2021 (ирҿыцуп: 09:27 03.12.2021) Жьҭаара 28 азы Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа 2020-2022" аднакылеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Хықәкылатәи аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" акомиссиа 31-ҩык алнахит 65-ҩык рҟынтәи. Абри атәы
аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, акомиссиа иалахәуп 12-ҩык.
Ацхыраара зауа рахь иаҵанакит:
I агәыԥ аинвалидцәа– быжьҩык;
Аинвалид ма ихәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа – 13-ҩык;
Хәҩыки инареиҳани ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа - 11-ҩык;
Жьҭаара 28 азы Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа 2020-2022" аднакылеит.
Аҳәынҭқарратә программа аԥҵоуп 2018 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәахьаз апрограммақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы рышьаҭала.
Апрограмма "Анхарҭа 2021-2022" мҩаԥысуеит ахнырҳәрадаратә шьаҭа аманы, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Зынӡа 80 миллион мааҭ азоужьуп, 40- 40 миллион мааҭ еихшахоит 2021 - 2022 ашықәсқәа рзы.
Апрограмма инақәыршәаны анхарҭа роур ҟалоит анхарҭатә ҭыԥқәа Аԥсны аҩнуҵҟа измамыз, иахьагьы измам аҭаацәарақәа;
Актәи агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызгьы;
Аибашьраан ма змаҵзурақәа рынагӡараан иҭахаз рҭаацәа;
Хәҩыки инареиҳани ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа;
Аинвалид ма ихәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа;
Зҭаацәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ма хабарда ибжьаӡыз рхәыҷқәа.