Аԥсны

"Асаашьа", "ахҟа", "алкьра": аԥсыуа ажәақәак рыхҳәаа

Аԥсыуа жәақәак рыхҳәаа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа
Sputnik
Ажәа азҟаза ду Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ихатәы бызшәа иазикуеит абри аҩыза ацәаҳәа ссирқәа: "Ашьха аӡыхьеиԥш икеикеиуа, аамҭа ацаҟьа шәыгәрақәеи абахә еимаҳақәеи кылжәан, ириааины иахьанӡа зышьҭра цқьаӡа иаазгаз ҳбызшәа. Акаԥкаԥқәа рыбжьы зхоу, акаҵәара хаҩаӡарақәа рыбжьаныҩра зныҩроу, амшын ашыкьыбжь злаӡҩо ҳабз ашәа хаа. Ахәырбӷьыц аҵеиԥш иԥшқоу, абзиабареи агәыбылреи ражәақәа рыла ирхаау…"
"Лоунытә", "ааӡаб", "апыла", "ацәаҳа": аԥсыуа ажәақәак рҵакқәа ирызкны
Абызшәа-ауаа рхы-рыԥсы иасаркьоуп, ахшыҩзцарақәа ирышәҵатәуп.
Аԥсшәа беиоуп, иагьуникалтәуп, даҽа бызшәак иаҵахом, иаҳҭаху алаҳҳәартә аҭагылазаашьа ҳнаҭоит.
Маҷӡак иадамхаргьы аԥсуаа ражәаҳәаҟнытә иаагоу ажәақәак рыхҳәаа аҟаҵара сҽазысшәоит, урҭ харҭәаахоит аԥсуа литературахьтә иаагоу аҿырԥштәқәа рыла.
Асаашьа "Асаашьа уҭахызар", "Асаашьак ҳԥызбаауа" – уамак ҳадызбало, аиакәым ҳшақәшәо, рыцҳарак ушанио збо аӡәы ма акы иазынархо ажәоуп.
"Адәахьы асаашьак ҳԥызбаауаз аԥша ҵәыуон" (Мушьни Миқаиа).
Ахҟа - "Ахҟа рыбжьоуп" – аиӷара зыбжьоу реизыҟазаашьақәа зныԥшуа ажәоуп.
"Ахҟа рыбжьалаанӡа ишәырҽеиуазароуп акәымзар, знык ашәақь анҭҟьалак ишәҳәо акыр иаԥсоума?!" (Џьума Аҳәба).
Амоурахә "Умоурахә мыӡааит", "Змоурахә мыӡша" – уара бзиа збаша, уара бзиа иақәшәаша аанагоит.
"Сара сзыҳәан цас дыршама,
Змоурахә мыӡыз амзаҿа?
Илашьцама, аҩны лашама,
Иахьеихылго уи лшьаҿа?"
(Платон Бебиа иажәеинраала аҟнытә).
Алкьра зҩызцәа ирҟәыҭханы, дырҩызамкәа, дрыцәтәымны иҟоу изы ирҳәоит "дрылкьны дыҟоуп" ҳәа.
"Маиана раԥхьа даниба инаркны, зегьы дрылкьны дгылан" (Алықьса Гогәуа).
"Аихаткач", "ауарц", "абгаԥча": ҩышьала еиԥшу, аха ҵакыла еиқәымшәо ажәақәа
Амуча аашьаҩ, акрымуӡакәа акрызфо, амалакрыфа, амазеича (урысшәала иуҳәозар, "тунеядец") ԥсышәала абас иҟоу ауаҩы аашьа "амуча" ҳәа ишьҭоуп.
"Игәы бзиоуп, мычла дкәадам,
Иуҭар ифоит, амуча.
Абжьааԥны акгьы даԥсам, –
Ҳабла крыфа, ҳабла ча.
Ауаа аџьџьаҳәа акраныруа,
Иара ддәықәуп дгандалеиуа,
Амхы цәгьала илеиҵазгьы,
Аҳаскьын иагеит иқеиқеиуа"
(Жәлар рпоезиа аҟнытә)
Афраҭ аилҟьа, аҵар, аилҟьа-еилӷәыцә, зыбаҩ зцәыласу, еилыхха иҟоу ауаҩ-фраҭ ҳәа ишьҭоуп.
"Аусураҿы ирбахьаз Мысҭафа дабаҟаз, зеихаҟьашьа еихаҟьашьак иаламҩашьоз, зыласышьа ласышьак еиԥшымыз афраҭ иаҩызаз, деилфаҷаӡа зегьы зымпыҵаманшәалахоз, деилаԥаҭаны иааникылалак импыҵыҩрны икаҳауа иалагеит" (Шьалодиа Аџьынџьал).
Алушәак ахаан, аламала, баша иухамышҭуа хҭыск аазырԥшуа ажәоуп.
"Ажәлар рыԥсҭазаараҿ иҟоуп мышқәак, ирхашҭырц алшома урҭ алушәак" (Баграт Шьынқәба).
Аҟырлышра – иҟырлышуа, акы абазбари, акы абазгари, акы абеимысҵәари ҳәа иҟоу ауаҩы изынархо ажәоуп.
"Абри ахлымӡаахгьы акыр ҳзацырҟьозар ҳәа иҟырлышуа идәықәын" (Алықьса Гогәуа).
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак
Адаракәац узхылҵыз, урҭ зхылҵыз, гәакьас, уас-ҭынхас иумоу азырбо ажәоуп, даҽакала иуҳәозар ажәлашьҭра, ахылҵшьҭра (урысшәала "родословная").
"Иҟам мчы еиқәаҵәак, ауаа дара иртәны ирыдыркылаз адоуҳатә мал адаракәац ыҟаӡамкәа дунеи аныхра зылшо" (Џьума Аҳәба).
Ашьалашәра "Дшьалашәны дынхеит", "Дшьалабаны дҟалеит" –ииҳәо-ииуа изымдыруа, иҟаиҵо дақәымшәо дҟалеит аанагоит.
"Ибла иабаз изхамҵо, дыҳәҳәар дзымҳәҳәо, дшьалашәны дынхеит" (Шьоҭа Ҷкадуа).
Аџьоуҳар – "Џьоуҳарла ихырҷоуп" – иаанагоит сахьа хкыла, сахьа рацәала еилоуп, иқәҵоуп.
"Ажәҩан ду мцаԥшьха, џьоуҳарла ихырҷоуп" (Гьаргь Гәлиа).
Ажәақәа "Раида", "Рад", "Рашьа", "Рерашьа", "Рарира" рцәырҵразы гәаанагарақәак