Аԥсны

Аҟәа Абазақәа рымҩа акаҭран ақәҵара иалагеит

Аҟәа иалсуа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аҟәа Абазақәа рымҩа акаҭран ақәҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Аусурақәа хыркәшахоит мчыбжьык иалагӡаны. Акаҭран ашьҭаҵара иалагеит Аҟәатәи абаа инаркны.
Абазақәа рымҩаҿы ирԥсахит акоммуникациатә ҳақәа, аӡымҩангагақәа, ацрыҵцарҭақәа, аҩарцарҭақәа, ацәхыԥқәа шьақәыргылоуп.
Аҟәа иалсуа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны
Аҟәа ахада иҳәеит аҳҭнықалақь амҩақәа хԥа рҿы аремонттә усурақәа анхыркәшахо
Гәлиа имҩа аура 1200 метра иҟоуп, иазоужьуп 48 миллион мааҭ, Абазақәа рымҩа аура 686 метра иҟоуп, 38 миллион мааҭ азоужьуп, Џьонуа имҩа аура 1350 метра иҟоуп, иазоужьуп 66 миллион мааҭ.