Аҳәаанырцәынтә: Аԥсныҟа атауарқәа шаарго

Еиуеиԥшым атауарақәа Аԥсныҟа иааргоит аидарамҩангагақәа х-хкык рыла - машьынала, еихамҩала, мшынла.
Sputnik
Аԥсныҟа атауарқәа шаарго
Еиҳарак ахархәара амоуп - амашьына, автотранспорт ала аҳәаанырцәынтәи Аԥсныҟа иааргоит 78% атауарқәа. 2021 шықәсазы жәамз рыла иаагоуп 22,9 миллиард мааҭ рыхә.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит - аихамҩатә транспорт, ҳтәылахь иарала 16% аидара ааргоит. 2021 шықәсазы жәамз рыла аихамҩала Аԥсныҟа иаагоуп 4,4 миллиард мааҭ рыхә атауарқәеи аидарақәеи. Ари атранспорт хкы амашьынала иаарго аасҭа аидара рацәаны ақәҵара алшара ыҟоуп.
Еиҳа еиҵаны ахархәара амоуп амшынтә транспорт, зынӡа 6%. 2021 шықәсазы жәамз рыла мшынла Аԥсныҟа иаагоуп 1,6 миллиард мааҭ рыхә.