Аԥсны

Аԥсны ААР еиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Қырҭтәылеи русеицура хылаԥшра анаҭалоит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рнырра аус мҩаԥызго усбарҭа хадоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥырго апрограммақәа (апроектқәа), Қырҭтәыла анапхгареи ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы злахәу абрахь иналаҵаны, хымԥада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рақәшаҳаҭра рымазароуп. Абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу ЖәЕА рыпроектқәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ақәшаҳаҭра роуроуп
Аԥсны Аҳәынҭқарра анорматив-зинтә актқәа напхгагас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥырго апрограммақәа (апроектқәа), Қырҭтәыла аиҳабыреи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Аԥсны аҿар рхаҭарнакцәеи реиԥылара, аимак-аиҿак аиҿкаара, астол гьежьқәа, асеминарқәа рымҩаԥгара, аинформациатә материалқәа раларҵәара иара убасгьы урҭ разырхиара хымԥада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рақәшаҳаҭра рымазароуп.

Уи адагьы иеиҳабыратәым аҳәаанырцәтәи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Аԥсны ААР ахь инарышьҭлароуп апрограммақәа (апроектқәа) рынагӡаразы, русзуҩцәа реилазааразы, рԥаразоужьра ахыҵхырҭақәа рзы адырра зныԥшуа адокументқәа, урҭ аԥарақәа рныхра хықәкыс ирымоу азы аҳасабырбақәа.

Аԥсны аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥырго апрограммақәа (апроектқәа) рынагӡашьазы Аамҭалатәи аԥҟара "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аҳәаанырцәтәи еиҳабыратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа имҩаԥырго уснагӡатәқәак" инақәыршәаны имҩаԥыслароуп.