Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу ЖәЕА рыпроектқәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ақәшаҳаҭра роуроуп

© Sputnik Кабинет Министров Республики Абхазия
Кабинет Министров Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ирԥхьаӡоит еиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура ареспубликаҿы хра амоуп ҳәа, урҭ рҟынтәи иазыԥшуп агуманитартә лыҵшәақәа.
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны аус зуа Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рыпроектқәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ақәшаҳаҭра аиуроуп, ҳәа аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит.
"Аҵара, агәабзиарахьчара, ақыҭанхамҩа, егьырҭ агуманитартә хырхарҭақәа рганахь ала имҩаԥысуеи иазыԥхьагәаҭоуи апроектқәа уажәшьҭарнахыс рымҩаԥгара ҟалоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭрала", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахад иусдҵа "Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку адәныҟатә политика амҩаԥгараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ароль азы" инақәыршәаны Аԥсны ААР аҿаԥхьа иқәыргылоуп аусдҵа – ООН жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи амаҵзурақәеи русура аишьашәалара амҩаԥгара.
АИХқәа рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба иҟаиҵаз ахҳәааҿы иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу аиҿкаарақәа иазыԥхьагәарҭо апроектқәа зегьы ААР аҟынтәи ақәшаҳаҭра аиура шхымԥадатәиу.
Абҵара 29 азы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аусура мҩаԥызго жәларбжьаратәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәеи реиԥылара. Аминистр иазгәеиҭеит ԥхьаҟагьы аусеицура дшазыхиоу.
Инал Ардзинба провел встречу с главами представительств международных организаций  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Инал Арӡынба иҳәеит жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура адгылара шарҭало
Ажәабжьқәа зегьы
0