Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Багаҭелиеи Цкәуеи Жәларбжьаратәи атурнир "Система CUP" алкаақәа рзы

"Супер Лига Аԥсны" аиҳабы Роман Цкәуеи гәдоуҭатәи "Риҵа" азыҟаҵаҩ Рафаель Багаҭелиеи арадио Sputnik аефир аҿы актәи Жәларбжьаратәи атурнир "Система CUP" алкаақәа ҟарҵеит.
Sputnik
Ашьапылампыл азы актәи Жәларбжьаратәи атурнир "Система Cup 2021" афинал гәдоуҭатәи "Риҵеи" донецктәи "Гвардееци" рыбжьара имҩаԥысит амҽыша ԥхынҷкәын 5 рзы. Апенальтиқәа ирлыҵшәаны 4:3 ҳәа аиааира агеит "Гвардеец".
Гәдоуҭатәи "Риҵа" азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, афиналтә хәмарраҿы ашьапылампыласыҩцәа аманшәалара рыгхеит.
"Сынтәа ҳкоманда иалахәын ақәыԥшцәа рацәаҩны. Ачемпионат аҿы рхы бзиан иаадырԥшит ҳәа сгәы иаанагоит. Иҳагхеит аманшәалара, аҽазыҟаҵарақәагьы. Аха аҷкәынцәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Аԥхьаҟа иаҳа ибзиан рхы аадырԥшуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Багаҭелиа.
"Супер Лига Аԥсны" аиҳабы иажәақәа рыла, риҵатәи ашьапылампыласыҩцәа макьана иқәыԥшцәоуп, афинал аҿы ахәмарра аганахьала ибзиан, аха апсихологиа аганахьала ирымаз ақәыӷәӷәара рзымычҳаит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.