Аԥсны

АҶА ахада еиҭеиҳәоит ашьхараҿы иҟьалаз ауаҩы ихы шымҩаԥигаша атәы

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аинтервиу аҭо еиҭеиҳәеит ашьхараҿы иӡыз ауаҩы ихы шымҩаԥигаша атәы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik. Ашьхарахь ԥсшьара амҩа уанықәло, ма шәарыцара уанцо уахьцо аҭыԥ бзианы иудыруазароуп, иахәҭоу амаҭәахәгьы умазароуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
Аминистр иажәақәа ашьхарахь амҩа уанықәло, ма шәарыцара уанцо уахьцо аҭыԥ бзианы иудыруазароуп, ухала уҟамзаргьы еиӷьуп, арыжәтә ажәра ахәҭам.
Ашәарыцара иазку ажәақәа бзианы ижәдыруама?
"Ашьхаҟа ухала умцар еиҳа еиӷьуп, уи адагьы уахьцо аҭыԥ бзианы иудыруазароуп, иахәҭоу амаҭәахәгьы умазароуп амцеиқәҵаразы, ахьҭа ҟалар аҽырԥхаразы, ашаха, мышқәак иузхаша афатә", - иҳәеит аминистр.
Ауаҩы дҟьалар, дшәоит иҳәеит Кәыҵниа.
"Ашәара зегьы иреицәоуп. Уҽазыҟауҵароуп, аамҭа угароуп, срыԥшаауеит ҳәа угәыӷроуп. Џьара акала урбартә ухы мҩаԥугароуп", - иҳәеит иара.
АҶА ахада иажәақәа рыла, иӡыз ауаҩы данырыԥшаауа игәакьацәа ирзеиҭарҳәаз рхы иадырхәоит. Ауаҩы дымԥшыкәа ихала ихы дахәарц аниӡбо аӡыршьҭра ихы иаирхәар бзиоуп, избанзар уи ауаа рахь укылнагоит иҳәеит Кәыҵниа.