АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 8 рзы, асааҭ 09:00 инаркны 10:00 нӡа афымцацәаҳәа "Шьешьелеҭ-1" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Лашарада иаанхоит Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭа, иара убас Аҟәа ақалақь агәҭеи мрагыларатәи ахәҭеи.
Абҵара 16 аахыс Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара алагалоуп афымцацәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Аҽгәара" ирықәу ахьанҭыра ахьырзышьҭымхуа иахҟьаны.
Афымцацәаҳәақәа ражәреи аинфраструктура аххаареи иахьатәи афымцамчхархәара азҳареи ирыхҟьоит аенергетика ауадаҩрақәа.