Аԥсны

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа "Баслаҭа-ГЕС" азы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ахьынӡаиашоу еилнаргоит

Аҟәа араион иҟоу афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" Аҟәа араион Баслаҭ ақыҭаҿы иҟоуп. Аобиект ахәԥса х-миллионки 313 нызқьи 517 мааҭ ҳәа ишьоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа "Баслаҭа-ГЕС" азы Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны Апарламенти рықәҵара ахьынӡаиашоу еилнаргоит ҳәа аҳәоит аӡбарҭа асаит аҿы.
Административтә шшыԥхьыӡ аӡбарҭахь инаишьҭит Апрокурор хада Адгәыр Агрба. Агрба изыҳәа инақәыршәаны аҳәара ҟаҵоуп аӡбарҭа ииашам ҳәа иаԥхьаӡарц:
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара №32 (04.03.2020ш.) "Амазаратә комплекс "Баслаҭ-ГЕС азы",
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Ақәҵара №58 (16.04.2020ш.) "Амазаратә комплекс "Баслаҭ-ГЕС ахатәтәра иаҵанакуа аобиектқәа рхыԥхьаӡарахь аҵаркразы",
Аԥсны Апарламент Ақәҵара (19.06.2020 ш.) "Ахатәтәра иаҵанакуа аҳәынҭқарратә хатә обиектқәа реиқәыԥхьаӡа-цҵа ашьақәырӷәӷәаразы".
Апрокурор хада аӡбарҭахь ашәҟәы наишьҭит ареспублика Акультура аминистрра аинтересқәа дрықәныҟәаны, избанзар амазаратә комплекс "Баслаҭ-ГЕС" аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ирыҵанакуеит.

Ҭакҳәаҩыс иқәгылоит Аминистрцәа реилазаареи Апарламенти; аинтерес змоу ахаҿқәа – Аекономика аминистрра, Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рнапхгараз Аҳәынҭқарратә усбарҭа, "Амшынеиқәафымцамч", ИАЕ "КаРо". Ари афирмоуп еиқәшаҳаҭрала "Баслаҭ-ГЕС" ахатәтәҩыс ҳәа иарбоу нанҳәа 25, 2020 шықәсазтәи ашәҟәқәа рыла.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азакәанԥҵара инақәыршәаны ҩымз рыҩныҵҟа ари аус иахәаԥшлар ҟалоит.
Аҟәа араион иҟоу афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" Аҟәа араион Баслаҭ ақыҭаҿы иҟоуп. Аобиект ахәԥса х-миллионки 313 нызқьи 517 мааҭ ҳәа ишьоуп.
Аԥсны
Апрокуратура хада афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" ахатәтәра ахьынӡаиашоу ҭнаҵаауеит