Аԥсны

Абраҟоуп иахьсаҳауа - аус ҳацбуларц ҳҭахуп: Коӷониаԥҳа Sputnik илынаҭо алшарақәа рзы

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аҟны аусура дшалагази уи илынаҭо алшарақәеи ртәы дазааҭгылоит аколумнист, арадиодырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" амҩаԥгаҩ Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Sputnik Аԥсны аатижьҭеи абар 7 шықәса ҵит. Ари аамҭа иалагӡаны аԥсуа информациатә ҳәырԥсарраҿы уи ахатә ҭыԥ ҷыда ааннакылеит ҳҳәар ауеит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ари аинформациатә маҵзура ацәырҵра альтернативоуп ҳара ҳзы. Аибашьра ашьҭахь даара имаҷын иҳәынҭқарратәу инаҷыданы аус зуаз аинформациатә хархәагақәа. Анаҩс маҷ-маҷ аҭыҵра иалагеит ахатәы, ихьыԥшым аҭыжьымҭақәа, урҭ зегьы Аԥсны аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа иҿиоз ҭыжьымҭақәан.
Ԥхынҷкәын 8 2014 шықәсазы иаатит Урыстәыла иатәу, аха ҳара ҳзакәанқәа ирықәныҟәаны аус зуа аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
Сызну амҩаду: иҵару атемақәа рылацәажәара сылзыршаз Sputnik Аԥсны
Азакәан анысҳәо, еиҳаракгьы аҳәынҭқарратә бызшәа ауп хшыҩзышьҭра зысҭо. Аԥсны иҭыҵуа егьырҭ ихьыԥшым аинформациатә хархәагақәа "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" еиларгозар, араҟа уи азакәан хшыҩзышьҭра арҭоит. Асаит аҭааҩцәа игәарымҭарц залшом Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы ажәабжьқәа зегьы ԥсышәалеи урысшәалеи еиваргыланы ишцо. Ииашоуп, иубоит аԥсуа текстқәа шеиҭагоу, зны-зынла акалька аҟазшьа шрымоу. Уи зыхҟьо ҳәа сгәы иаанго, ирлас-ырласны ицәырҵуа ажәабжьқәа ирццакны аиҭагара аан ирцәагхоит ахшыҩҵак аарԥшразы иахәҭоу алаԥш ахгара. Абраҟа иазхәыцтәхоит еиҳа иԥсабаратәу абызшәа аиҭагақәа рхаҵара азҵаатәы.
Sputnik Аԥсны асаит аҿы хра злоу акакәны избо, аԥсышәала иҩуа авторцәа русумҭақәа ахьцәырҵуа ауп. Иаҳҳәап, аетнографиа, алитература, аполитика, мамзаргьы ҳдиаспора ирызку анҵамҭақәа ԥсышәала ихәыцуа ишырҩыз убоит. Аколумнистцәа рӷьырак ԥсышәалоуп ишыҩуа, убри аҟынтә анҵамҭақәа ԥсышәала ихәыцуа иаразнак идикылоит.
Асаит анцәырҵ ашьҭахь жәабран 15 2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны аҽарҭбааит. Аефир ахь ицәырҵуа иалагеит арадиогьы. Абраҟагьы, аԥсшәеи аурысшәеи еивагылоуп. Sputnik Аԥсны аартра ҳара ҳжурналистцәа рзы лшаран аусурҭа ҭыԥ аиуразы.
Иазгәасҭоит, араҟа аус зуа зегьы аԥсуа журналистцәа шракәу, иара убас, еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла аџьа збогьы – аредакторцәа, амонтажҟаҵаҩцәа, абжьы аоператорцәа уҳәа ҳтәылауаа шракәу.

Жәабран 2 2017 шықәсазы Sputnik Аԥсны асаит аҿы иҭыҵит раԥхьатәи сколонка, убасҟан ҳусеицура хацҳаркит аредакциеи сареи. Сара усҟангьы, иахьагьы ихадоу усурҭаны исымоуп Аԥсуа телехәаԥшра, аха ажурналист лаҳасабала сылшарақәа ахьаасырԥшуа Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы ауп. Избан бызцазеи уахь аусуразы ҳәа шәсазҵаауазар, аҳәынҭқарратә информациатә хархәагақәа рҿы иҟоу аԥкрақәа исҭаху анагӡаразы алшара сырҭомызт ҳәа исыԥхьаӡон. Раԥхьа уахь саннеиуаз исыздыруамызт заҟа саанхоз, аредакциеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа зеиԥшрахашаз. Абар уажәшьҭа хәышықәса ирықәуп Sputnik Аԥсны аус зуеижьҭеи, агәыӷрагьы сымоуп ҳусеицура ақәра рацәа аиуп ҳәа. Мҩашьарада издыруеит сколонкақәа рӷьырак иҳәынҭқарратәу аҭыжьымҭақәа рҿы акьыԥхь шырымбо. Ус схәыцуеит, избанзар Sputnik Аԥсны аҿы мап зцәырымкуа иҵару аматериалқәа ирышьашәалоу аҭыԥантәи агазеҭқәа рҿы иуԥыхьашәаӡом. Абри сара сзы ихадоу зҵаароуп, иахьа уажәраанӡа ари аредакциаҿы сыҟазаара мзызс иамоугьы абри ауп.

Sputnik Аԥсны аҿы сара исоуит даҽа ԥышәакгьы. Жьҭаара 6 2017 шықәсазы амҩаԥгара салагеит "Коӷониаԥҳа лымҩаду" захьӡыз хра злоу асоциалтә, аполитикатә темақәа ҳахьрылацәажәоз автортә радио-проект. Ари сыдыргалеит аинформациатә маҵзура анапхгара рхаҭа. Уи ҭыҵуан сабшала ҩышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа. Макьанагьы сазхәыцуеит уи аиҭарҿыцра, даара имариам акакәны сшахәаԥшуагьы. Имариам ҩ-гәаанагарак змоу ауаа темак инадҳәаланы арадио аефир ахь рнагара. Уи акыр дарааԥсоит адырраҭара автор. Имариамызт, аха даара азҿлымҳара змаз акакәын арадиозыӡырыҩцәа рганахьала, дара рыҽҳамардон, насгьы иҳарҳәон иарбан темақәаз ҳазлацәажәарц ирҭахыз. Абраҟагьы иазгәасҭоит, автор лаҳасабла азин шсымаз амчра иатәу, аоппозициа иатәу ҳәа еилымхкәа ауаа аефир ахь рнагара. Ҳара ҳзын ихадан иҵарны ҳауаажәлар рҿаԥхьа иқәгылаз азҵаарақәа рзы ҩ-гәаанагарак азыӡырҩы изнагара.
Иҵару азҵаарақәа: Sputnik арадиодырраҭара ҿыц "Коӷониаԥҳа лымҩаду"
Иҟоуп иазгәасҭарц исҭаху даҽа ҭагылазаашьак - абраҟа аусура зысзыманшәалоу азы. Sputnik Аԥсны иҟоуп иџьбароу аԥҟарақәа - сыззыԥшыз дмааит, аефир сзыҟаҵаӡом захьӡу аилкаара араҟа иҟаӡам. Уԥсыргьы, унхаргьы, арадиозыӡырҩы дыззыԥшу адырраҭара аефир иазурхиароуп, иара иалху ахронометраж уахымԥакәа. Аредакциа зықәургәыӷыз аколонка ианаамҭоу аредакторцәа ирзушьҭроуп, иагу ыҟоуп рҳәар ирҽеитәуп. Асовет аамҭа иалиааз ауаҩы лаҳасабала, иџьбаразаргьы, араҟатәи аԥҟарақәа акыр иманшәалоуп сара сзы.
Есыҽны ицо арадиоефирқәа сырзыгьежьуазар, урысшәала аус зуа ажурналистцәа ишьҭырхуа атемақәа еиҳа иҵарушәа збоит, аԥсуа редакциа иарҿио аасҭа. Аредакторцәа зеиӷьашьарак аҳасабала абри азҵаатәы иазхьаԥшырц рабжьызгоит, убри аан абызшәатә уадаҩрақәа шырԥылогьы еилыскаауеит, аха... Асаит аҿы ицәырҵуа иоригиналтәу аԥсуа материалқәа ракәзар, инеибеиԥшны аҩаӡара бзиа рымоуп, насгьы фотосахьала ишақәнагоу еиҿкаауп сҳәар сылшоит аԥхьаҩ лаҳасабала. Автортә колонкақәа ирыцуп атема иазааигәоу егьырҭ анҵамҭақәагьы. Аԥхьаҩ агәаҳәара имазар, илшоит урҭгьы раартра.

Sputnik Аԥсны ирласны ажәабжьқәа удызгало информацатә усҳәарҭоуп. Дара ирылшоит уажәы-уажәы иҿыцу ажәабжьқәа, насгьы асахьаныҟәа (авидео) зцу ахҭысқәа уҳәа рдаҟьа аҭааҩцәа иаарласны рыдгалара. Ари аинформациатә маҵзураҿы иҟоуп ихадоу даҽакгьы – автор игәаанагара хшыҩзышьҭра аҭара. Ибзианы аус зуа ауаҩы ԥаратә премиала иалкаара. Аџьа алеишәа шеиҿкаау даҽазнык сазхьаԥшуазар, хәышықәса рыҩнуҵҟа исгәалашәом акы саргәамҵуаны, мамзаргьы уа аус зуа аӡә дсықәгәамҵуаны. Араҟа ажурналист иус арманшәалара хадоуп аредакциа аусуҩцәа зегьы рзы.

Сыбжьы аҭаҩразы саннеиуа, знымзар-зны абжьы аоператор иусурҭа ҭыԥ аҿы дыҟамкәа сымбац. Аӡәы иҳәар ауеит Sputnik аҿы афинанстә уадаҩрақәа усҟак иуадаҩым, убри азоуп алеишәа зыҟоу ҳәа. Афинансқәа ирыӡбо рацәоуп аус зуа ауаҩы изы, аха алеишәа ашьақәыргылараҿы ихадоуп анапхгараҭаратә дыррақәа, зегьы ирзеиԥшу аԥҟарақәа рықәныҟәара.
Зегь реиҳа ихадоу - Sputnik Аԥсны анапхгара ажурналист ибжьы зиҭаз аполитик дарбану иаԥшны акәӡам аусура дшырго. Автор аусуразы днеир аамҭа ирҭоит илшарақәа раарԥшразы, дыргәаԥхар, ианҵамҭақәа ауаа аԥхьо иалагар, аусура дрыдыркылоит. Аполитикатә қәыԥшылара ари аинформациатә хархәагаҿы хшыҩзышьҭра арҭаӡом, дара рзы ихадоу - азанааҭ зыҟаҵара ауп. Абас сҳәарц сылшоит, аусура араҟа салагеижьҭеи исоуз аԥышәа ахҳәаа азызуазар. Абраҟоуп анапхгара рҟынтә иахьсаҳауа "аус ҳацбуларц ҳҭахуп". Ари ажурналист изы иаҵанакуа рацәоуп, досу иусура ахә ишақәнагоу ианыршьо еиҳау арбану?
Sputnik Аԥсны аусзуҩцәа зегьы ирыдысныҳәалоит аинформациатә маҵзура аира амш. Аԥхьаҟа рпроектқәа ирызҳауа, аԥхьаҩцәеи азыӡырҩцәеи рызҿлымҳара рыгымкәа, рыгхақәа зынӡа имаҷны иҟаларц. Ҽаанбзиала!
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.