Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра иатәу Гәылрыԥшьтәи аҟәша аиҳабы Асҭамыр Бжьаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи аплан анагӡара ахьынӡарылшаз.
Азҵаараҭҵаара мҩаԥган ЕАА Sputnik News азы. Имҩаԥнагеит асоциологиатә еилахәыра IFop, 2020 шықәса, лаҵара 22 - 25 рзы. Иара иалахәын 1004-ҩык ареспондентцәа, 18 шықәса еиҳаны изхыҵуаз.
Аҿкы чымазара COVID-19 алармырҵәаразы Аԥсны иалагалоу аԥҟарақәа аиҳабацәа рабиԥара ишрыдыркыло дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.
Мшаԥы акы - аччара амш аҽны ажурналист Саида Жьиԥҳа дазааҭгылоит арҭ амшқәа рзы еиҳарак излацәажәо атема акоронавирус иахылҿиаауа алаф.
Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа рыламҭалазы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит имҩаԥысыз ари алхратә кампаниа ҷыдарақәас иамаз.
Аӡынтәи атуризм Аԥсны макьанагьы инагӡаны ишьақәыргыланы иҟам. Уи арҿиара изызхьаԥштәу зҵаароуп ҳәа лыԥхьаӡоит уажәааигәа аӡынтәи Тҟәарчал иаҭааз Sputnik Аԥсны аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара иадгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ауаажәларра ирԥылеит ажьырныҳәа 21 рзы. Аиԥылараҟынтәи ихадаз азгәаҭақәеи 20-тәи ахәҭаҷ алхрақәа рҟынӡа Апарламент иаднамкылар иҟалар зылшо ахҭысқәеи дырзааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳтәылаҟны имҩаԥысуан имариамыз аполитикатә хҭысқәа, урҭ рзы лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ауаҩы ихьӡи ихьымӡӷи аԥсыуала ишааирԥшуеи аԥсуареи азакәани реиҿыбаареи, мамзаргьы "ԥсыуала" зус зыӡбо ауаажәлар рыҩнуҵҟа "азакәан ара иаҭыԥума, аԥсуара азакәантә мчы аҭатәызар" ҳәа азҵаара ықәлыргылоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуа.
Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа РУСДРАМ иқәнаргылаз аспектакль "Електра" дшыхнахыз, уи ахәаԥшра зегьы израбжьылго атәы шәаԥхьа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.
Ачарақәа раамҭа ашыкьымҭа ҳҭагылоуп. Ари агәырӷьаратә хҭыс ҿыц еиднагалаз ирыцеиҩыршоит, ргәакьацәа рнаҩсгьы, рҩызцәа, рықәлацәа. Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҳчарақәа аԥсуа цәа рцәыӡуа ишалагаз. Саида Жьиԥҳа иахьа дазааҭгылоит аҿар рхымҩаԥгашьа, аиҳарак акәашарақәа рынагӡараҿы.
Иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы Кәтолтәи ачара еиуеиԥшым ацәажәарақәа ахылҵит. Ишәыдаагалоит ҳколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ари аҭагылазаашьазы илымоу агәаанагара.
27 шықәса ҵуеит апоет Таиф Аџьба хабарда дыбжьаӡны дыҟоижьҭеи. Уи азы лыгәҭахәыцрақәа ҳацеиҩылшоит аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ҳаԥсҭазаара иалаҵәаз асоциалтә ҳақәа аԥсуаа рыбжьара иаанныркыло аҭыԥ азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ахи-аҵыхәеи имҩаԥысуеит ҳҳәынҭқарра ҵызшәаауа, ашәарҭадара ԥырхага азҭо ацәгьоура бааԥсқәа. Урҭ реиҳарак знапы алаҟьашьу аԥсуаа рыҷкәынцәа роуп. Избан аԥсуа ихьӡи ихьымӡӷи аԥхьа аргылара дзаҟәыҵыз, уимоу иуацәеи иҭынхацәеи убри аан адгылара ирҭо ишԥаҟалеи, ҳдунеихәаԥшра алаҟәра иабанӡаҿызаауеи? Абарҭ азҵаарақәа рзы лгәаанагарақәа лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьаҳамҵацт аҭынчратә еиқәшаҳаҭра. Урҭ иахьа уажәраанӡагьы Аԥсны архынҳәразы ирымоу агәҭакы анагӡаразы рхы иадырхәо аметодқәеи аԥсуаа ҳҳәынҭқарратә политика ԥсыҽрақәас иаанарԥшуеи ртәы шәаԥхьа Елеонора Коӷониаԥҳа лматериал аҿы.
Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа дазааҭгылоит аԥсшьарамшқәа рзы ахәышәтәырҭақәа рыҟны иуҭаху аҳақьым иԥшаара иацу ауадаҩрақәа.
Иарбан тенденциоу иахьатәи аԥсуа театртә ҟазара зну, насгьы уи иаҭаауа ахәаԥшцәа рхымҩаԥгашьа грақәас иамоу, урҭ раԥыхразы иаҭаху уҳәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ԥхынгәы 21, 2019 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп Ахада иалхрақәа. Ишԥазыҟоу уи ҳтәылауаа, гәыӷрақәас мамзаргьы гәрамгарас ари ахҭыс иадырҳәалои? Абарҭқәа уҳәа рзы лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дырзааҭгылоит аԥсуаа рҿы ашәаџьҳәара аҭоурыхи иахьатәи аамҭазы ашәаџьҳәарақәеи адышшыларақәеи ишьҭырхыз аформеи.