Аԥсны

Аԥсны Абанк агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа "Кабардинеци" "Натухаеци" ҭнажьит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аԥсны Абанк "Кавказ ажәларқәа рцәамаҭәеи рабџьари" иаҵанакуа агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа "Кабардинеци" "Натухаеци" ҭнажьит ҳәа аанацҳауеит Абанк асаит.
Автор - асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа. 20-20 аԥсар иҟоуп, ртираж 100-100 цыра. Араӡны иалхуп, 42х70 миллиметра инаӡоит.
Аԥараҿырпқәа раверсқәа рганахь ала иарбоуп Д. И. Ермаков XIX ашәышықәсазтәи ифотосахьақәа "Аԥсуа депутатцәа" рҟынтәи асахьақәа. Арымарахьтәи аган аҿы иарбоуп асолиартә дырга – жәеиза уарба. Урҭ рыҵаҟа иануп "20 аԥсар", арыцхә – 2021. Арӷьарахьтәи аган аҿы – аҩыра "Аԥсны Абанк", Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб.
Ареверстә ган агәҭаҿы иарбоуп адыга еибашьцәа, аԥшшәы змоу сахьала, амилаҭтә џьоуҳар ала ихырҷоуп. Хыхьтәи ахәҭаҿы аԥсышәала иануп "азахә", ҟабарда бызшәала "адыге" ҳәа.
Аԥсны
Амилаҭтә банк иҭнажьит “Аԥсны аԥстәқәа” ирыҵаркуа аԥараҿырпқәа хԥа