Аԥсны

Гагра "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа иақәыз 3,2 миллион мааҭ ашәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион аҿы актив алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ахадара "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа ирықәыз 3 миллионки 200 нызқьи мааҭ ршәеит, ҳәа Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада Иури Хагәышь.
"Иаҳшәеит ауал "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа иҳақәыз, аковид-ҟәшазы ахәшәқәа злааҳхәаз. Иара убасгьы ишәоуп ауал абиуџьет анҭыҵтәи афондқәа рҿаԥхьеи афымцамчхархәаразы уаанӡатәи ашықәсқәа рызтәи ауал - 6 миллионки 697 нызқь мааҭ", - иҳәеит Хагәышь.
Иара басгьы иазгәеиҭеит, араион аҿы азхьаԥшра ду шырзыҟарҵо акоронавирустә инфекциа змоу, аҩны зҽызхәшәтәуа ачымазцәа. Шықәсык инацны аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи ачымазцәа рзы ахәшәқәеи афатә-ажәтәи аархәоит. 2021 шықәсазы абри аганахь ала иныхуп миллионки 200 нызқь мааҭ.