Аԥсны

Аԥсны ауааԥсыра 7500 –ҩык инареиҳаны алаҵа ҟазҵаз QR-кодқәа рыҭоуп

Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрала 30 000 лаҵа "Спутника V" ареспубликахь иааргараны иҟоуп. Актәи ахәҭа иаҵанакыз 6 000 лаҵаа абҵарамзазы иааган.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра 7500 –ҩык инареиҳаны алаҵа ҟазҵаз QR-кодқәа рыҭоуп ҳәа азгәарҭеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны.
"Аҟазауаа иазгәарҭоит QR-кодқәа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ишрыдыркыло", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Ԥхынҷкәын 7 нӡа ареспубликаҿы "Спутник V" "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит 13 000-ҩык.
Алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа аартуп араионқәа зегьы рҿы, аха аминистрраҿы ирҳәоит алаҵаҟаҵара шьшьылаҳауп ҳәа.
Уи арццакразы араионқәа рхадацәа ақыҭауаа транспортла реиқәыршәара азҵаара аус адыруылоит. Иара убасгьы аминистрра азыхиоуп ареспублика аминистррақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи русуҩцәеи рзы ихазу алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа раартра.
Аԥсны
Бжьаниа алаҵа ҟазымҵо аҵарадырра аусхк аусзуҩцәа русура иамырхырц рыдигалеит