Аԥсны

Бжьаниа ауааԥсыра рыцхырааразы: аӡәгьы дгәыгәҭаҳажьуам

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аҩышықәса рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарра аҟынтәи 5 700-ҩык атәыла ауааԥсыра цхыраара ҳасабла ироуит 389 миллион мааҭ.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирус апандемиа далацәажәо Аслан Бжьаниа Гагра аилацәажәараҿы иҳәеит аҳәынҭқарра аӡәгьы дгәыгәҭанажьуам ҳәа.
"Атәыла амедицинатә еилазаара рхы еигӡаӡом. Исҳәоит ари аус аҿы аҳәынҭқарра, аиҳабыра, ауаажәларра, саргьы хадак иҳасабала иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ауадаҩрақәа аӡбаразы. Ҳара аӡәгьы ихы дазаанҳажьырц ҳҭахым", - ҳәа иҳәеит иара.
Бжьаниа иазгәеиҭеит изныкымкәа Урыстәыла амедусҳәарҭақәа рахь аҳәара шыҟаиҵахьоу ҳуааԥсыра ацхыраара рыҭаразы.
Ахада иажәақәа рыла Аԥсны раԥхьаӡа акәны иалшон апрофициттә биуџьет аиур 500 миллион мааҭ рҟынӡа. Аха арҭ аԥарақәа акоронавирус иазырхатәхеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аҩышықәса рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарра аҟынтәи 5 700-ҩык атәыла ауааԥсыра цхыраара ҳасабла ироуит 389 миллион мааҭ.
Аԥсны
Делба 2021 шықәсазы Аԥсны COVID аԥырҟәҟәаразы аԥара инырххьоу атәы иҳәеит
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы Аԥснытәи абитуриентцәа рҵараҵаразы ирзоужьын 50 миллион мааҭ. Хышәҩык рҟынӡа астудентцәа 180-180 нызқьмааҭ рзылырҩааит. Агәабзиарахьчара аганахь ала ҩ-нызқьҩык ацхыраара рыҭоуп. Бжьаратәла аӡәы 120 000 нызқь изоужьын.