Аԥсны

Ақаҩба жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономзҵаарақәеи рзы ААУ аректор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп

Даур Ақаҩба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан 2016 шықәса раахыс.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Уаанӡа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Даур Ақаҩба жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ аректор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. Абри атәы Facebook идаҟьаҿы ианиҵеит.
"Аусура иҿыцу хырхарҭоуп. Сышықәсқәа реиҳарак адәныҟаполитикатә усура иазкын. Исылшо зегь ҟасԥоит ари аус аҿы алҵшәақәа роуразы", - иҩуеит Даур Ақаҩба.
Даур Ақаҩба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан 2016 шықәса раахыс. Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Инал Арӡынба.
Ԥхынҷкәын акы азы Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩык иҳасаб ала Минск аиԥыларақәа мҩаԥигеит.
Аԥсни Венесуелеи рдипломатцәа визада реиҭанеиааираз аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит