Аԥсны

Аҵара аминистрреи Урыстәыла Аҵарадырра академиеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩуеит

Москва имҩаԥысит Аԥсны Аҵара аминистрр Инал Габлиеи, Урыстәыла Аҵарадырра академиа ахада Ольга Васильевои уи лхаҭыԥуаҩ Геннади Онишьенкои реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10- Sputnik. Аԥсны Аҵареи абызшәатә политика аминистрреи Урыстәыла Аҵарадырра академиеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩуеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аганқәа ишьақәдыргылеит аинтерес ззеицрымоу аусхкқәа:
Ашколқәраҟынӡатәии азеиԥш ҵаратәи усхк арҿыцра
Ашколхәыҷқәа рзанааҭхырхарҭа
Аиҭагаратә усура атеориеи апрактикеи рырҿиара
Адоуҳатә ааӡара асистема аиҿкаара
Амилаҭ бызшәақәа рырҵара аметодика аусхк аҟны аинырра арҿиара.
Аиԥылараҿы еиқәшаҳаҭхеит Аԥсны аҵаратә система аҭҵаарадырратәии аметодикатәии аексперементалтәии система аҿиара Урыстәыла Аҵарадырра академиа алахәхаразы.