Аԥсны

Аԥсны аоперштаб: даҽа 126-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 36079-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 29067-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 539-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 571-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 126-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 33-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 20-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 15-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 20-ҩык, ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп.