Украинатәи арратә ӷба Ҟрым ахымҩаԥгашьа аичырчароуп хықәкыс иамаз ҳәа ахырҳәааит

Урыстәыла АШәМ аԥшьашаҽны аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина арра-мшынтә мчқәа рыӷба "Донбасс" Керчтәи аӡыбжьахалахь иҭалеит, ахырхарҭа аԥсахырц адҵа иқәныҟәом ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik.Украинатәи арратә ӷба Ҟрым ахымҩаԥгашьа аичырчароуп хықәкыс иамаз, Урыстәыла ахымҩаԥгашьа гәарҭон, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Ҟрым аҟынтәи асенатор Сергеи Цеков.
Аексперт ЕАА Амшын еиқәаҿы ахымҩаԥгашьа амч аарԥшроуп иаанаго ҳәа ахиҳәааит
Урыстәыла АШәМ адыррала Украина арра-мшынтә мчқәа рыӷба "Донбасс" Керчтәи аӡыбжьахалахь иҭалеит, ахырхарҭа аԥсахырц адҵа иқәымныҟәеит. Нас шьҭахьҟа ихынҳәит. Аекипаж ахымҩаԥгашьа аичырчара акәын хықәкыс иамаз.
"Ари ҳачҳара агәаҭароуп иззырхаз. Ари ахҭыс иахылҿиааз ацәажәара ашьҭахь Киев ас еиԥш иҟоу аичырчара ҟазшьа змоу ашьаҿақәа аҟаҵара иаҟәыҵыр ахәҭоуп", - иҳәеит Цеков.
Асенатор иазгәеиҭеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рхымҩаԥгашьа.
Керчтәи аӡыбжьахалаҿы ари раԥхьатәи хҭысым. 2018 шықәса абҵарамзазы украинатәи аӷбақәа хԥа Урыстәыла аҳәаа еиларгеит. Дара урыстәылатәи амчрақәа рыдҵақәа ирықәныҟәомызт. Аӷбақәа аанкылан. Украинатәи аруаа Киев иазырхынҳәын 2019 шықәса цәыббра 7 рзы, аӷбақәа - абҵарамзазы ирхынҳәын.
Украинатәи арратә-ӷбақәа Ҟрымтәи ацҳа иаҵысит