Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит абӷа-жьышә лыԥсаара зыхәшәтәуа ахәшә "Золгенсма"

Абӷа-жьышә лыԥсаара (СМА) — генетикатә чмазароуп, аныҟәара иахылаԥшуа анервтә система ԥхасҭанатәуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит абӷа-жьышә лыԥсаара (СМА) ахәышәтәра иазырхо швеицариатәи ахәшә "Золгенсма", абри атәы азгәаҭоуп ахәшәқәа рҳәынҭқарратә сиа аҿы.
Урыстәыла ҿыц ииз ахәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааразы ачымазарақәа рсиа ырҭбаауп
"Аҳәынҭқарратә ҭаҩра арыцхә: 9.12.2021", — аҳәоит адокумент аҿы.
Абӷа-жьышә лыԥсаара (СМА) — генетикатә чмазароуп. Аныҟәара иахылаԥшуа анервтә система ԥхасҭанатәуеит. Ахәыҷы аныҟәара даҟәыҵыр ҟалоит, иԥсыԥлагаҩагарагьы.

Урыстәыла уаанӡа ари ачымазара ахәшәтәразы ҩ-хәшәык ашәҟәы иҭаргалахьан – "Нусинерсен" ("Спинраза"), "Рисдиплам". "Спинразы" агәыр 125 000 доллар иаԥсоуп.

2023 шықәса раахыс Урыстәыла ииз ахәыҷқәа зегьы СМА налаҵаны 36 чымазара рымазаара гәарҭоит.
Аҭыԥантәи аҳақьымцәа ишырҳәо ала, абӷа-жьышә лыԥсаара (СМА) чымазара змоу Аԥсны хәыҷык дыҟоуп, уи уажәы аҳәаанырцә ихәшәтәра иаҿуп.