Урыстәыла ҿыц ииз ахәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааразы ачымазарақәа рсиа ырҭбаауп

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Калининграде открылся региональный перинатальный центр. Архивное фото.
В Калининграде открылся региональный перинатальный центр. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Анапаҵаҩра
Уажәы Урыстәыла ииуа ахәыҷқәа ОМС аҳәаақәа ирҭагӡаны ргенетикатә чмазарақәа хәба ҭырҵаауеит: адреногениталтә синдром, гипотериоз, галактоземиа, фенилкетонуриа, муковисцидоз. Москва арҭ ачымазарақәа рсиа ырҭбаауп даҽа ф-хкык рыла.
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. 2023 шықәса инаркны Урыстәыла ҿыц ииз ахәыҷқәа ргәабзиара ҭырҵаалоит 36 чмазара рыла иҳәеит академик Н.П. Бочков ихьӡ зху Амедицина-генетикатә ҭҵаарадырратә центр (МГНЦ) адиректор Сергеи Куцев.
"2023 шықәса инаркны ииз аԥшқақәа ргәабзиара аҭҵаара ырҭбаахоит. Уажәы, ҿыц ииз, урҭ 1,4 миллион ыҟоуп, хә-чымазарак роуп ирымоу ирымаму ҳәа иҭырҵаауа. 2023 шықәса инаркны Урыстәыла ҿыц ииз ахәыҷқәа ргәабзиара ҭырҵаалоит 36 чмазара рыла. Арахь иаҵанакуеит абӷа-жьышә атрофиагьы", - ҳәа иҳәеит Куцев абӷа-жьышә атрофиа иазкыз апресс-конференциаҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Иара иазгәеиҭеит анормативтә документқәа шазырхиатәу, амаругақәа шаахәатәу, аҟазауаа шазырхиатәу. Ари 2023 шықәсанӡа аамҭа аҭаххар ҟалоит.

"2023 шықәса аҩбатәи азбжа инаркны ҳақәгәыӷуеит ари аҩыза аскрининг аҟаҵара алшап ҳәа, заанаҵы ахәыҷқәа СМА рыдбалара алшап ҳәа раԥхьатәи аклиникатә ҟазшьақәа цәырҵаанӡа", - иҳәеит Кунцев.

Абӷа-жьышә атрофиа (СМА) шьҭрала иаауа чымазароуп, аныҟәара иахылаԥшуа анервтә система ԥхасҭанатәуеит. СМА змоу ахәыҷқәа ҩышықәса изахысуам.
Ажәабжьқәа зегьы
0