Аԥсны

Аҟәатәи аӡыҭгагатә станциақәа рзы атрансформаторқәа аахәоуп

Аҟәа ауааԥсыра ӡыла еиқәдыршәоит аӡыҭгагатә станциақәа хԥа, урҭ аҵыхәтәантәи аамҭазы алашара амчхара ахьылаҟәу иахҟьаны русура еиԥҟьоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара аӡыҭгагатә станциақәа рзы атрансформаторқәа аанахәеит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь асаит.
Аӡыҭгагақәа афымцамч рызхаӡом, уи иахҟьаны астанциақәа рҟны аӡыҭгагақәа рхала иаҿыҵуеит. Аӡыҭгагақәа русура еиԥҟьоит х-станциак рҟны - Санчартәи амҩабжьахалаҿы, Папасқьыри Ҷанбеи рымҩақәа рҿы.
Санчартәи амҩабжьахалаҿы атрансформатор ақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит.
Аԥсны
"Аӡыканал" аҟны ирҳәеит Аҟәа аӡы аҟамзаара зыхҟьаз атәы
"Иаахәаны иқәыргылоуп зыда ԥсыхәа ыҟам амаругақәа - ахьчагақәеи аимадагақәеи. Иаахәоуп авольтҳарактә арцәагақәа. Уаанӡа астанциақәа афымца роуан азеиԥш цәаҳәақәа рҟынтә, уи аҟнытә амчхара рызхаӡомызт. Уажәшьҭа аӡыҭгагақәа афымца атрансформаторқәа рҟынтә ироулоит. Афымца амчхара шьҭыҵуеит, аӡыҭгага еиԥҟьарада аус аулоит", - иҳәеит АУН "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб, Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.
Папасқьыр имҩаҿы атрансформатор ықәдыргылахьеит, аха макьаназы иаҿакӡам.
Иахьатәи аамҭазы еиԥҟьарада аусура иазырхиоуп х-станциак рҟынтә ҩба. Афымцалашара дырцәаргьы, аусура ишаҿыц иаҿызаауеит.