Арепатриациа

"Амҳаџьырра раԥхьатәи ацәқәырԥа": ҳџьынџьуаҩ Шьанар Ажьиба иҭоурых

Sputnik
Иахьа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа жәла-жәла рыӡбахә ҳҳәозар, Ажьиаа рхаҭарнакцәа рацәаҩуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 2011 шықәсазтәи адыррақәа рыла, атәыла ахьынӡанаӡааӡо 750 ҭӡы ыҟан. Дара амҳаџьырра еиуеиԥшым ацәқәырԥақәа раан Ҭырқәтәылаҟа иқәнагалаз роуп. Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Шьанар Ажьиба иабшьҭра раԥхьатәи ахҵәацәа ҳәа иԥхьаӡоуп.
Амҳаџьырра раԥхьатәи ацәқәырԥаан Ҭырқәтәылаҟа Ажьиаа рацәаҩны иахнагеит. Шьанар Ажьиба иабду иабду Таси уи иашьа Тасқәеи Аԥсны, Калдахәара ақыҭантәи ихырҵәаз роуп ҳәа рхылҵшьҭра адырра рымоуп. Аишьцәа рыжәлантәқәеи ртәылауааи гәыԥҩык ирыцны Қьефқьен иӡхыҵит. Устәи Балбалы (иахьатәи Калдахәара) ақыҭахь иааит.
"Сара сабду иабду Тас Шьрыф захьӡыз аԥа диман. Анаҩс Шьрыф динасыԥхеит Ҳабибе Ҭарԥҳа. Дара ҩыџьа ахшара рхылҵит, аха рыԥҳа дшысабиӡаз дрыԥхеит. Рԥа Рыфаҭ уи сара сабду иоуп. Ҳаиҳабацәа атәым дгьыл аҟны арыцҳарақәа рацәаны ирхыргеит. Ианеибабоз, Аԥсны инхаз ргәакьацәа рҵәыуон, амыткәма ада угәы шьҭызхуаз жәабжьк дара рҟынтәи иаҳмаҳаӡеит", - ҳәа азгәеиҭоит ҳџьынџьуаҩ.
Шьанари 108 шықәса зхыҵуа Лиуҭфи Ажьибеи
Шьанар иабду Рыфаҭ ила ауп рабиԥара аҽеиҵнахуа ишалагаз. Таси Шьрыфи аӡәаӡәа ракәызҭгьы ахшара ирымаз, Рыфаҭ ҩыџьа аҳәса ааганы ԥшьҩык аԥацәеи аԥҳаи иоуит.
"Санду д-Бганԥҳан, лара хҩык аԥацәа лааӡеит - саб Қьиании иашьцәа Ниҳаҭи Аднани. Анаҩс сабду иразҟхаз Гамсаниаԥҳа лҟынтә аӡӷаб Мелиҳеи ҩыџьа аҷкәынцәа Зиаҭҭини Низами иит", - иҳәоит Шьанар.
Иахьа Калдахәара ақыҭан, ҳџьынџьуаҩ иажәақәа рыла, еибатәу Ажьиаа аа-ҭӡак ыҟоуп.
Шьанар иаб Қьиании инасыԥхаз Несрин Аргәынԥҳаи хҩык ахәыҷқәа рхылҵит. Шьанар иеиҵба ихьӡуп Шьенол, раҳәшьазаҵә - Севда.
1 / 8

Несрин Аргәынԥҳаи лыԥҳа Севдеи лареи

2 / 8
Ажьиаа рҭаацәа
3 / 8
Ажьиаа рҭаацәа
4 / 8

Несрин Аргәынԥҳа

5 / 8
Ажьиаа рҭаацәа
6 / 8

Несрин Аргәынԥҳаи лмаҭеи

7 / 8

Шьанари иашьа иԥа Меиреи

8 / 8

Қьиаани Ажьиба

Шьанар Ажьиба иҭаацәараҟны аԥсышәала мацара акәын ишцәажәоз. Убри аҟнытә ашкол ахь данца, аҭырқәшәа ахьизымдыруаз аҟнытә ауадаҩрақәа изцәырҵуа далагеит. "Сара исҳәо дара ирзеилкааӡом, дара ирҳәо сара исзеилкааӡом", - ҳәа дҵәыуо даауан. Аамҭак ашьҭахь имҵакәа изыҟалозма.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аналага, Шьанар 20 шықәса дырҭысхьан, аха арԥыс ибзианы еиликаауан иеиҳабацәа зыхьҵәыуоз адгьыл ҩаԥхьа арыцҳара ишҭадыргылаз. Усҟан иара иӡбеит иҵәахны имаз акьарахә ҭины абилеҭ аахәаны Шәачала даарц, аха игәы иҭаз атәы иашьцәа еиҳабацәа иреиуаз аӡәы ианеиликаа, маӡала акьарахә ԥхьеикит. Шьанар иҟазшьа џьбаран, насгьы дласцәан азы, амҩахь машәырк дақәшәар ҳәа дшәеит.
"Усҟантәи аамҭазы Ҭырқәтәылагьы амамзаарақәа рацәан. Аԥсныҟа саарц азы хымԥада аԥара сҭахын, аха ианзалмыршаха, арантәи ҳауаажәлар имҩаԥыргоз аибашьра ақәыӡбарақәа срылахәын. Адаԥазар ақалақь амитинг анаԥшьыргоз, аиҳабацәа адҵа сырҭеит ауха асааҭ ҩба рзы ақыҭауаа зегьы срылсны алаҳәара ҟасҵарц. Адырҩаҽны шәҩыла ауаа ақалақь агәҭа ҳаизеит. Сҩыза Билал Зыхәба "Зхы иақәиҭу ҳаԥсадгьыл - уара ухала уҟаӡам" ҳәа аҿҭра ҳалагап иҳәан, 15 минуҭ рҟынӡа ҳаанымгалаӡакәа ҳаҟаабжь гон. Еилагылаз рахьтә иҳацҿызҭуаз дубарын, еимаҭәаны иҵәыуозгьы рацәаҩын. Билал рыцҳа уи ашьҭахь хара дзымнеит, идунеи иԥсахит, анцәа уахь димыршәааит, илымкаа сара адәы сахьықәу схы рацәасшьоит", - иҳәоит Шьанар Ажьиба.
Лиуҭфи Ажьиба: ҩынтә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц иақәыскхьан
2009 шықәсазы Шьанар гәыԥҩык ҳџьынџьуаа дрыцны Аԥсныҟа дааит. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҟнытә "абрахь ауп ҳаԥсадгьыл ахьыҟоу" ҳәа рымҩа ахырхарҭа анидырба, аҵәыуара далагазаап. Илаӷырӡқәа анԥхаишьа, агәыԥ дрылҵны ԥыҭраамҭак днаскьаны дгылан.
"Аԥсныҟа ҳанаа, сахьԥшра сыздыруамызт. Сыла иабоз зегьы ҳара ишаҳтәыз еилыскаауан, аха иаразнак исызсыдкылаӡомызт аҵабыргра. Ҭырқәтәыла идыру аԥсшәа арҵаҩы Фарықә Ажьибеи сареи ҳашьцәа-ҳажәлантәқәа ҳԥылеит. Асасааирҭаҿы ҳаанхар рмуӡеит. Бота Ажьиба Мгәыӡырхәаҟа ҳаигеит. Ҳасасра иалагӡаны акырџьара ҳаимдеит. Убасҟан иџьасшьеит Мысра инхоз сыжәлантәқәа абыргцәеи Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз сара саб ишьҭреи ҿаԥшыларала иахьеиԥшыз. Ихьӡ сгәалашәом, аха иҭысхыз руаӡәы ифото Сҭампыл инхо сашьцәа иреиуоу Ведаҭ Ажьиба ианисырба, аҵәыуара далагеит, "иухьзеи" ҳәа исзеилымкаашәа санҵаа, "саб дышԥаиеиԥшу" иҳәеит", - иажәабжь иациҵоит ҳџьынџьуаҩ.
Апандемиа ҟалаанӡа, Ҭырқәтәыла инхо Ажьиаа есышықәса аишьцәа-аижәлантәқәа реиԥылара мҩаԥыргон. 2011 шықәсазы Шьанар ибзоурала ари аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәхеит 30 инареиҳаны Аԥснытәи Ажьиаа. Уи нахыс Амшын еиқәа нырцәи аарцәи инхо аишьцәа лассы-лассы еибабо иалагеит.
Аԥснытәи Ажьиаа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит