Лиуҭфи Ажьиба: ҩынтә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц иақәыскхьан

© Sputnik / Саида ЖибаЛиуҭфи Ажьиба
Лиуҭфи Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Џьгьарда ақыҭантәи ихырҵәаз Ҭамшә Ажьиба ихшара ирхылҵшьҭроу, иахьа Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь иатәу Қаиалар, аԥсуаа Хәаԥ ҳәа изышьҭоу ақыҭан инхо 108 шықәса зхыҵуа Лиуҭфи Ажьиба, изныкымкәа иашьцәа ибарц азы Аԥсныҟа ацара иақәикхьан, аха иԥсҭазаара иацлаз арыцҳарақәа имҩа адыркит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik.

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Ҭамшә Ажьиба иԥацәа Зафаси, Смаили, иԥҳаи (лыхьӡ ргәалашәаӡом) ҭаацәала Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаны идәықәҵан.

Атәым дгьыл аҟны, аԥсуаа рҽеидкыланы, еиҳа абнара иазааигәаз аҭыԥқәа нхарҭас иалырхит, ахныҟәгаразы иманшәалоуп ҳәа. Аха уантәигьы изныкымкәа аӡаҩақәа рахь ишахырцахьазгьы, зегь акоуп анхара-анҵыра ианаалоз аҵакырақәа рахь ихынҳәит.

Зафас Ажьиба фҩык ахшара драбын, иашьа Смаил — хәҩык, раҳәшьазаҵә Лакәынаа дырҭацахеит, илхылҵит хҩык ахшара.

Абас абиԥара ҿыц еиҵагылеит атәым жәҩан аҵаҟа.

Леон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба - Sputnik Аҧсны
Аԥсадгьыл- бырлашуп: Леон иорден занашьоу Иауз Аҭрышба иҭоурых

Иахьа, Қаиалар ақыҭан инхо, 108 шықәса зхыҵуа Лиуҭфи Ажьиба, Ҭамшә ихылҵыз дрыцкаруп. Абырг ақәра ду дышҭагылоугьы зегь акоуп, уахи-ҽни иԥхыӡ иалоу, ахаан иимбац, аха зыӡбахә бзианы иаҳахьоу иԥсадгьыл гәакьа Аԥсынра аԥшӡареи ахаареи роуп. 

Абырг иҭаацәаратә ҭоурых бзиаӡаны идыруеит.

Лиуҭфи — Смаил имоҭа иоуп.

"Сара саб ихьӡын Қьаазым. Иара далахәын актәи адунеизегьтәи аибашьра, уаҟа иоуз ахәра хьанҭа иахырҟьаны, аҩныҟа дзымхынҳәкәа, амҩан иԥсҭазаара далҵуеит. Саб иашьеиҳаб Мусҭафагьы аибашьраҿы дҭахоит, аиҵбы Осман аҭҟәара дақәшәоит, аха илшоит иҽӡаны ацара," — ҳәа ҳаилиркааит дшыхәыҷыз арыцҳара иалаԥшыз Лиуҭфи Қьаазым-иԥа.

Смаил ихылҵқәаз иреиуоуп убасгьы аԥҳацәа Асиеи, Беҳџьеи.

Ажәытәӡан, егьа аԥсҭазаара шыуадаҩызгьы, зегь акоуп аҭаацәарақәа, ахшара рацәа рааӡон. Уи ауп изыбзоуроу, иахьа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа милаҭк аҳасабала аҭырқәцәа иахьрыламӡаз.

Лиуҭфи Ажьиба ԥшьҩык ахшара имоуп, жәҩык амоҭацәа драбдууп.

Ҳаиҿцәажәара иалагӡаны, абырг игәы иаланы иҳәеит, ҩынтә Аԥсныҟа ацара ишақәикхьаз, аха ишамуаз.

Мижьген Жьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иагаз Мижьген Жьиԥҳа ллахьынҵа

"Сџьынџьдгьыл ахаан исымбацызт, аха сгәаҵан абзиабара ҭан саныхәыҷыз инаркны. Аԥсны гәхьааргон сеиҳабацәа зегьы. Раԥхьанатә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц ианақәыск сыԥшәмаԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит. Ахәыҷқәа рхала рааныжьра сзымгәаӷьит. Аҩынтә раангьы, сҭаацәараҟны арыцҳара ҟалеит. Убас, сымҩагьы ҿахҵәеит. Ус шысҳәо еилышәкаауеит, шәышықәса ирҭысхьоу абырг уажәшьҭа амҩа хара дзықәлаӡом. Сара сылацә хызҩаанӡа, Аԥсны хәыцырҭас исымазаауеит, шәызегьы шәыгәхьаазгалоит," — иҳәоит илабжыш иҿықәыҳәҳә абырг.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Лиуҭфи Ажьиба ицәа иагхеит, аӡыцәҟьа ажәра мап ацәикуан.

"Ҳџьынџьдгьыл аҟны аибашьра аналага, Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуаа зегьы гәырҩон. Аҳәаа ахысра зылшаз, абџьар шьҭыхны рашьцәа ирывагылеит. Араҟа инхаз, уахи-ҽни иџьабон. Саб иқәра шмаҷымзгьы афатә-ажәтә мап ацәикуан, "сашьцәа ашьаарҵәыра иҭагылоуп, сара аԥсҭазаара сҭахӡам" иҳәон," — еиҭеиҳәоит Лиуҭфи иԥа Наадир.

© Sputnik / Саида ЖибаЛиуҭфи Ажьиба
Лиуҭфи Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Лиуҭфи Ажьиба

Абырг саниҿцәажәоз, еилыскааит Аԥсныи, аԥсуааи, иашьцәа Ажьиааи рахь ҵҩа змам абзиабара игәаҵа ишҭаз. Сара иџьынџьдгьыл аҟнытә изнеиз ижәлантә саниба, иаҟара ицлеит. Иԥа Наадир исеиҳәеит, ари аибабара имч ҭанаҵоит ҳәа.

Аиҿцәажәара ашьҭахь иӡбан гәаларшәагас афотосахьақәа рҭыхра. Усҟан абырг иԥа аҳәара ииҭеит, Аԥснынтәи Ажьиаа изаарышьҭыз ауапеи, акәымжәи, ахылаԥарчи изааигарц.

Ԥсуаҵасала зҽеилазҳәаз Лиуҭфи Ажьиба, уажәы-уажәы "сашьцәа рҟәырҷаха" ҳәа зыхә ҳаракны ишьоз амаҭәа инапы ахьишьуан, уи хымԥада ҳгәы арԥшаауан.

Исыцыз сҩыза Зарина Коӷониеи сареи Ажьиаа рҭаацәара ааныжьра ҳцәыуадаҩын, урҭ рыԥхарра ҳаргьы акраамҭа ҳгәы иҭазаауеит.

Шәышықәса зхыҵуа, изныкымкәа адгьылҵысрақәа ириааиз Лиуҭфи Ажьиба ихьа-ҩны, иашҭа ссир наунагӡа аԥсҭазаара амазааит!

© Sputnik / Саида ЖибаЛиуҭфи Ажьиба
Лиуҭфи Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Лиуҭфи Ажьиба

Иазгәаҭатәуп, Заринеи сареи Лиуҭфи ҳашиабадырхьаз 2011 шықәсазы, аха уажәтәи ибара зыбзоурахаз, лареи сареи сасра ҳазҭоу, Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь инхо Иуџьаль Ҷыкьԥҳа (Сергьегьиаԥҳа) лоуп. Уи азы ҳара иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит. Иара убас, аџьшьара иаҳҭоит, абырг иахь ҳамҩахызгаз, Қаиалар ақыҭа, аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ердинч Аҭеиба.

Ажәабжьқәа зегьы
0