Аԥсны

"Ашәа ауаҩы деиқәнархоит": Аԥсны Жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа лиубилеи иазкны

Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа 75 шықәса лхыҵит.
Sputnik
Аԥсуа жәлар рмилаҭтә культура арбеиара, уи иацу атрадициатә гьама биԥарала аҿар агәыблыра дыркра акыршықәса инеиԥынкыланы иазааԥсо, жәлар ҳжәытә музыкатә арҳәагақәа гәыблыла ирызнеиуа Роза Чамагәуаԥҳа лнысымҩа даара ибеиоуп.
Диит лара ԥхынҷкәын 11, 1946 шықәсазы, Расим Чамагәуеи Қанҭариа Валиеи рҭаацәараҟны. Лаб Расим Чамагәуа унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз уаҩын. Иԥшәма ԥҳәыс Қанҭариа Валиеи иареи ирааӡеит быжьҩык ахшара: Роза, Фируза, Едуард, Ҭемраз, Ламара, Наҭелла, Алик.
Ахәыҷрашықәсқәа
Роза Чамагәуаԥҳа дхәыҷаахыс амузыкахь агәыблыра шьҭылкаахьан. Усҟантәи аамҭазы аԥсуа ҭаацәара рыҩнаҭақәа еснагь ирыҩныҩуан ашәаҳәабжь. Анхацәа рааԥсара рхадыршҭуан гьамала, ахәышҭаара амца иныҽҳәатәаны алаф еибырҳәон, ишәаҳәон, икәашон.
"Иааҳакәыршаны ҳгәылацәа зегьы кәашаҩцәан, шәаҳәаҩцәан. Ақыҭа ԥсҭазаара ҳадҳәалан, ҽагакра, амхҭагалара, уҳәа еснагь ҳҭаацәа ҳрывагылан. Уаҟа ашәа аӡәы иаацәыригон, иааигәа игылаз уи инацирӷызуан, абас аамҭа лахҿыхрыла иаҳхаагон. Амузыкахь агәыблыра убраҟа ахы акит. Агәылацәа пату еиқәаҳҵон, ҳаиҭанеиааиуан. Хәылбыҽхала имҩахыҵуан ҳаҩныҟа, аҵх агәы ааҩнашаанӡа алаф рҳәон, аиҳабацәа ажәабжьқәа ҳзеиҭарҳәон", - ҳәа лхәыҷра ашықәсқәа лгәалалыршәеит Роза Чамагәуаԥҳа.
Роза лаб бзиа ибон, дазҿлымҳан амузыка. Ихәыҷқәа даарыԥхьан ашәа дирҳәон, иркәашон. Ахьхьаџьџьаҳәа иҟаз аҭаацәара есымшааира рымш гәахәарыла имҩасуан.
"Саб аҩныҟа еснагь асасцәа мҩахигалон. Аишәа аархианы ианынатәалак, сара сырхагыланы аҩы снаҳауан. Ашәа аацәырыргон. Саб Ҷын ҳәа саиҳәон, "Ҷын, балагеи" иҳәон, саргьы ахы насыркуан. Ажәытә ашәақәа зегьы ҿырҳәала издыруан схәыҷаахыс. Исгәалашәоит, саб раԥхьаӡа агитара анысзааихәаз амш, усҟан адунеи зегьы сара истәын. Аиашьара ҳаҟны џьара чарак ыҟоума, компаниак ыҟоума, иаашьҭыхны сцон. Аҭацаагара ашәа насыгӡон. Схәыҷрашықәсқәа сгәалашәараҟны ахаан исхамышҭуа, хынҳәышьа змамкәан иаанхаз аамҭоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Арадио
Чамагәуаԥҳа: ашәаҳәара еснагь сыԥсы алан
Аҟазара амҩала
Ашкол даналга ашьҭахь, 1965 шықәсазы Роза Чамагәуаԥҳа дҭалеит Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа. Иуҳәар ауеит уи ашықәсазы илықәҿиеит ҳәа. Убас иҟалеит, лышкол алгареи Аҟәатәи акультуратә аҵаралашаратә ҵараиурҭаҟны аԥсуа жәлар рмузыкатә арҳәагақәа ҿыц рыҟәша аартреи еиқәшәеит. Амузыкахь изыхоз аҭыԥҳа, уи аҩыза алшара лоулыжьуазма...
"Ашкол салгара аамҭа анааи, аԥышәарақәа сҽырзыҟасҵон. Убри аамҭазы агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь" аҟны избеит алаҳәара Аҟәатәи акультуратә аҵаралашаратә ҵараиурҭаҟны ишаатыз аԥсуа жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рыҟәша: аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр ахьыддырҵо ҳәа. Азхәыцрагьы аамҭа асмыргеит, иаразнак исыӡбеит хымԥада сышҭалоз. Аха саб игәамԥхаӡеит, ашәаҳәара бхазы ибдыруа азхоуп, еиҳау аҵараиурҭа бҭалароуп ҳәа сабжьигеит. Сара ажәа исҭеит еиҳау аҵараиурҭагьы сышҭало, аха зны сара сгәы зхьыбылуа ахь сишьҭырц. Абас ишиҭахӡамыз, мчыла дақәшаҳаҭхеит", - ҳәа лгәалалыршәоит Роза Чамагәуаԥҳа.
Роза лаб Расим Чамагәуа амузыкахь агәыбылра шимазгьы, зегьы акоуп иҭахын ихшара еиҳау аҵара роурц. Лаб игәахәтәы анагӡаразыҳәаны, Роза Чамагәуаԥҳа Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, 1969 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи апедагогикатә институт, афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ ала. Абасала амузыкеи еиҳау аҵареи еилалыгӡон.
"Аҩбатәи акурс аҟны снеиуан еиԥш, акомпозитор Ражден Гәымба сааиԥхьан, еиҿкааны имаз ахәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль салаларц сыдигалеит. Сара сақәшаҳаҭхеит, аха саб дақәшаҳаҭымхар ҳәа сшәеит, издыруан ишигәамԥхоз. Ражден Гәымбеи Сергеи Ҷкотуеи ирылшеит саб иақәыршаҳаҭра, азин имхра. Уи аамҭазы Едуард Бебиа акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аиҿкаара даҿын, уа шықәсык аус зуит. Анаҩс аҵараиурҭаҟны арҵаҩцәа рзымхара иахҟьаны, уаҟа аусура салагеит жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рырҵаҩыс", - ҳәа лҳәеит лара.
Арадио
Чамагәуаԥҳа Ражьден Гәымба изы: убриаҟара даамсҭашәан, иҭеиҭыԥш шыҟаз еиԥш игәаҭагьы цқьан
Ансамбль "Гәында" аира
Роза Чамагәуаԥҳа 1974 шықәсазы аҵаралашара-культуратә ҵараиурҭаҿы иаԥылҵеит аҭыԥҳацәа рвокал-инструменталтә ансамбль "Гәында". Уи анаҩс 1977 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа иадырҵеит. Арҭ ашықәсқәа раан ансамбль еиуеиԥшым агастрольқәа рыманы атәылақәеи ақалақьқәеи ирҭааит.
"Ҩымз гастроль ҳасабла ҳарҭааны ҳаҟан еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи: Украина, Донецк, Днепропетровск, Одесса, Черновцы, Драбович, Душанбе, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рыҟны. Раԥхьаӡатәи сцәырҵра иахьеиԥш исгәалашәоит. Даара сгәы хыҭхыҭуан, сгәеисыбжь саҳауан", - ҳәа лшәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Роза Чамагәуаԥҳа.
Роза Чамагәуаԥҳа лажәақәа рыла, усҟантәи аамҭазы акультура аминистрс иҟаз Владимир Кәарҷиа ансамбль ӷәӷәала адгылара аиҭон, ҷыдала дахылаԥшуан.
"Ҽнак ҳҽазыҟаҵаратә зал дааҩналан, ихы наҳақәкны ус иҳәеит: "Абааԥс, акадрқәа реизгара ҳгәы иҭоуп, шәаҵамхан! Атәым жәларқәа иҳаланхо раасҭа ԥхьаҟа шәцароуп". Аҭакԥхықәра исыдиҵаз насыгӡароуп ҳәа уахгьы-ҽынгьы сыцәамызт, ашьыжь шаанӡа сгыланы аҵараиурҭахь саауан. Арҳәагақәа рылагьы ҳхьысҳан, рхыԥхьаӡара маҷын. Шьапыла мацарала ақалақь ҳакәшон, амашьынақәа абаҟаз усҟан, аха ауаҩы гәыкала иус аниҭахха, илымшо ҳәа акагьы ыҟаӡам", - ҳәа лҳәоит лара.
1 / 4

Ансамбль "Гәында"

2 / 4

Ансамбль "Гәында"

3 / 4

Ансамбль "Гәында"

4 / 4

Ансамбль "Гәында"

Абас қәҿиарала аус ауан ансамбль. Аицлабрақәа еснагь ирылахәын, изныкымкәан аԥхьахә ҭыԥқәа ирыԥсахахьан.
"Қарҭ имҩаԥысуаз Аҵаралашаратә культуратә ҵараиурҭақәа рконкурс аҟны актәи аҭыԥ ҳаԥсахеит. Даара иџьаршьеит ақырҭцәа, дара ирымгакәан аԥхьахә ҳара ҳахьаԥсахаз. Абас ҳақәҿиарақәа ирыбзоураны ансамбль "Гәында" афилармониа иадырҵеит 1977 шықәсазы. Едуард Бебиеи усҟантәи акультура аминистрс иҟаз Алықьса Аргәыни ирҳәеит ансамбль аҳәынҭқарратә филармониа иадҵатәуп ҳәа, аԥеиԥш бзиа амоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Ансамбль ахьыӡ азҭаз Едуард Бебиеи Алықьса Аргәыни роуп. Нарҭаа аишьцәа раҳәшьа заҵә Гәында лыхьӡ иахыршланы", - ҳәа лҳәоит Роза Чамагәуаԥҳа.
Ансамбль "Гәында" аԥхьатәи асолистцәа иреиуан: Сира Аҩӡԥҳа, Динара Смырԥҳа, Вера Гьерзмааԥҳа, Ламара Чамагәуаԥҳа, Сулико Шьаҟаиа, Нонна Ферзԥҳа, Анна Чаклиарова, Лена Сымсым, Ирина Турмушева. Аамҭа цацыԥхьаӡа аколлектив еизҳауан.
"Раԥхьаӡатәи ҳақәгылара мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә филармониаҟны, 1978 шықәсазы. Уаҟа дҳацықәгылеит Урыстәыла жәлар рартист Геннади Хазанов. Аконцерттә программақәа ҳаманы ирацәаны ақыҭақәа ҳрылсит. Хара имгакәан Украинаҟа ҳцеит агастроль ҳасабла. 15-16 концерт мызкала имҩаԥаагон. Ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылон, "ҳаԥсы ҳшәыршьеит" ҳәа аконцерт ашьҭахь ргәаанагара ҳацеиҩыршон", - ҳәа лҳәоит Роза Чамагәуаԥҳа.
1 / 4

Ансамбль "Гәында"

2 / 4

Ансамбль "Гәында"

3 / 4

Ансамбль "Гәында"

4 / 4

Ансамбль "Гәында"

Аџьынџьтәылатә еибашьреи ансамбли
Аԥсны Аџьынџьтәылатә Еибашьра ашықәсқәа раан ансамбль "Гәында" аибашьцәа ргәышьҭыхра, ргәырӷәӷәара иацхраауан. Аҭабиақәа ирҭааны ашәа рҳәон, имҩаԥыргон аконцерт маҷқәа.
"Аԥсҭазаараҿы егьа ауадаҩра ыҟазаргьы, ашәа ауаҩы деиқәнархон. Кәасҭа Ченгьелиа еиҿкааны имаз атәылахьчара аминистрра иаҵанакуаз ансамбль "Аиааира" аҟны ашәа ҳҳәон. Ҳахьымнеиз ҭабиак ыҟамзар ҟалап. Аибашьцәа ажәылара ицараны иҟазар, заа ҳцаны ҳарзышәаҳәон. Сгәалашәараҟны иаанхаз хҭысуп, аибашьра аламҭалазы Мысра имҩаԥаҳгаз аконцерт. Адесант Тамшьҟа аибашьцәа рыманы иӡхыҵраны иҟан, ирԥеиԥшыз адырра уадаҩын, ишәарҭан. Имҩаԥаагеит аконцерт маҷ, афырхацәа ргәы аизҳара рыбла ихубаалон, уи еиҳау гәырӷьаран ҳара ҳзыҳәаны", - ҳәа илгәалалыршәеит лара.
Аибашьрашьҭахьтәи ансамбль аԥсҭазаара
Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа лгәаларшәо, Роза Чамагәуаԥҳа илҳәоит усҟан шаҟа аҵанакуаз агәкамыжьра, ҿыц ансамбль аԥсеивгара шаҟа аџьабаа рацәа аҭахыз.
"Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа даара ицәгьан аҵараиурҭа аусура ахацыркраҟны. Убраҟа адгылара ӷәӷәа сиҭеит акомпозитор, ҳҩыза бзиа Оҭар Хәынҵариа. Аамҭаказы ансамбль асолистцәа ирцәыцәгьахьеит ацара-аара, аха зегьы акоуп уи аамҭа цәгьа ҳаиааит. Иахьа ансамбль "Гәында" қәҿиарала аус ауеит, аҿар азҿлымҳара бзиа аадырԥшуеит", - ҳәа лҳәоит лара.
2006 шықәсазы Октаи Ҷкотуа иабжьгарала Роза Чамагәуаԥҳа Ҭырқәтәыла дцеит арепатриантцәа аԥсуа ашәақәа, аԥсуа бызшәа дырҵаразыҳәаны.
Роза Чамагәуаԥҳа Ҭырқәтәыла даныҟаз
"Сара уахь сцара Октаи Ҷкотуа ибзоуралоуп ишыҟалаз. Нас, аҳәынҭқарра анапхгарагьы мап ацәырымкит. Арепатриациазы усҟан аҳәынҭқарратә еилакы Анзор Мықәба еиҳабыс даман, аԥыза-министрс Александр Анқәаб дыҟан, акультура аминистрс Нугзар Логәуа аус иуан. Еицҿакны сцара иадгылеит. Раԥхьаӡа ицәырҵит ауадаҩрақәа хымԥада, абызшәа азымдырра иахҟьаны ҳзеилибакаауамызт, аха иҳалшеит абызшәа дырҵара. Адаԥазары азааигәара иҟаз аԥсуа қыҭацыԥхьаӡа ҳрылаланы ашәақәа дсырҵон, ҽнак ԥшьба-хәба қыҭа ҳрылсуан. Иааидкыланы 17 инарзынаԥшуа ашәа дсырҵеит. Ахәыҷқәа санрылагылалак сааԥсара зегьы схашҭуан, знык ирҵандаз ҳәа сгәы ацԥыҳәауан", - ҳәа лҳәоит Чамагәуаԥҳа.
Амузыка иазааигәоу аҭаацәа
Роза Чамагәуаԥҳа лхатәы ԥсҭазаараҟны анцәа ишиҳәара дыҟоуп. Лыԥшәма Кәтол ақыҭан инхоз, зыԥсҭазаара зегьы Аԥсны акультура аӡыргара иазызкыз, аҭаацәаратә ансамбль аԥҵаны измаз Џьоџьа Ферзба иԥа Анри Ферзба иоуп. Анри Ферзба ихаҭа акыршықәса Аԥснытәи жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль ахор аҿы ашәа иҳәоит. Рԥа Ахра иакәзар, Чаиковски ихьӡ зху амузыкатә ҵараиурҭа доушьҭымҭоуп. Аҟазара, амузыка иазааигәоу аҭаацәа, уи аҵакы бзианы издыруа, хымԥада аилибакаара рыбжьоуп.
1 / 2

Роза Чамагәуаԥҳаи лыԥшәма Анри Ферзбеи

2 / 2

Роза Чамагәуаԥҳаи, лыԥшәма Анри Ферзбеи, лԥа Ахреи

Роза Чамагәуаԥҳа илҳәоит лҭаацәаратә ԥсҭазаареи аҟазара аганахьалеи ауадаҩрақәа дшырнымиац атәы:
"Раԥхьа инаргыланы аҭаацәарааҟны аилибакаара ыҟазароуп, уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Уи аганахьала сманшәалахеит ҳәа сҳәарц сылшоит. Сызланагалаз аҭаацәара аҟазара иадҳәалан, сара сзанааҭ бзианы еилыркаауан, адгылара сырҭон еснагь", - ҳәа дазааҭгылоит лара.
Иахьатәи аамҭазы Роза Расим-иԥҳа аҿар реиҵааӡареи урҭ ажәытә музыкатә арҳәагақәа агәыблыра дыркреи аус шьаҟа ӷәӷәаны даҵагылоуп. Лара леиԥш иҟоу ааӡаҩцәеи, азҿлымҳара аазырԥшуа аҿари ҳаманаҵы, ҳкультуратә ԥсҭазаара ԥсра-ӡра ақәӡамкәан иаанхоит.
1 / 2

Роза Чамагәуаԥҳаи лҩызцәа рыгәҭа

2 / 2

Роза Чамагәаԥҳаи Оҭар Хәынҵариеи

Роза Чамагәуаԥҳа 1983 шықәса рзы "Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз артистка" ҳәа ахьӡ лыхҵан. 2007 шықәса рзы – "Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартистка" ҳәа ахьӡ лыхҵан.
Аԥсуа профессионалтә вокалтә ҟазараҿ ллагаламҭақәеи лылшарақәеи рзы Аԥсны Ахада Идҵала Роза Чамагәуаԥҳа 2016 шықәса рзыҳәаны иланашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара.
Аҽы жәлала иҩуеит рымҳәои: Аԥсны акультура ӡырызгоз Џьоџьа Ферыз