00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Путин Шанхаитәи аиҿкаара аилатәара иалахәра, иҳәамҭақәа: аполитолог ихҳәаа
13:04
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны ахаҳәқәа рлеира: аеколог ицәажәара
13:45
3 мин
Аицәажәара
Отаԥ аҳаԥы аҿы иазгәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усқәа:аиҳабы иҿцәажәара
13:48
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Озеленение, ремонт набережной, фасадов. О блгоустройстве Сухума заммэра
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
В помощь ребенку фонд "Ашана" проведет благотворительный марафон
14:44
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуаԥҳа: ашәаҳәара еснагь сыԥсы алан

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Роза Чамагәуаԥҳа 75 шықәса лхыҵра иазкны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 11 рзы лиубилеи азгәалҭоит Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа. Арадио Sputnik аефир аҿы лара еиҭалҳәеит амузыкахь абзиабара шышьҭылкааз, аҟазара еиднакылаз аҭаацәара шаԥҵахаз, насгьы ажәеинраалақәа ирылхны ашәақәа раԥҵара дшалагаз атәы.
Роза Чамагәуаԥҳа – Аԥсны жәлар рартистка, далгеит Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә ҵараиурҭа аоркестртә ҟәша. 1968 ш. рзы дҭалеит А.М. Горки ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт афилологиатә факультет. 1969 шықәса рзы аусура далагоит Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә ҵараиурҭаҿы аԥсуа жәлар ринструментқәа рҿы ахәмарра рҵаҩыс, уи аамҭазы аԥсуа литература арҵаҩысгьы дыҟан.
1974 шықәса рзы Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭаҿы еиҿылкаауеит аҭыԥҳацәа рвокалтә инструменталтә ансамбль, уи акыр аконкурсқәеи афестивальқәеи еихьӡарала ирылахәхахьан. 1977 шықәса рзы ансамбль ииаган Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониахь, хьӡысгьы иаиуеит "Гәында", уи сахьаркыратә напхгаҩыс иахьа уажәраанӡа дыҟоуп Роза Чамагәуаԥҳа.
1983 шықәса рзы Роза Чамагәуаԥҳа илыхҵан "Аԥснытәи АССР зҽаҧсазтәыз артистка" ҳәа ахьӡ. 2007 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусԥҟала Роза Расим-иԥҳа Чамагәуаԥҳа илыхҵан "Аԥсны жәлар рартистка" ҳәа ахьӡ.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0