Аԥсны

Урыстәылатәи аковид-госпиталь аиҳабы Аԥсны русура аихшьаалақәа ҟаиҵеит

Урыстәылатәи арратә госпиталь аҽеизгара иаҿуп, амедусзуҩцәа рықәҵра азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 16 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амобилтә госпиталь Аԥсны аҟазаара иалагӡаны иаднакылеит ҩ-нызқь рҟынӡа ауааԥсыра, абри атәы иҳәеит агоспиталь аиҳабы Абдулмеджид Магомедов.
"Стационар ҳасабла иҳадаҳкылеит 645-ҩык, амбулатор ҳасабла – зқьи хәышә-ҩык. Иаҳзааиуаз реиҳараҩык ибжьаратәыз ма ихьанҭамыз ракәын. Иҟан егьырҭ амедусҳәарҭақәа рҟынтәи иаҳзааргозгьы", - иҳәеит иара.
Иара убри аан иҳәеит амобилтә госпиталь аԥхьа аҟазаараан аасҭа уажәы еиҳа ишырацәаз ачымазара уадаҩны изхызгоз.
"Алаҵа аганахь ала хымԥада иҟаҵатәуп ҳәа исшьоит. Иҳаман алаҵа ззыҟаҵаз апациентцәагьы, аха урҭ рчымазара еиҳа иԥсыҽын", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Урыстәылатәи амобилтә ковид-госпиталь Аԥсны аусура хнаркәшоит
Амобилтә госпиталь Аҟәа аусура иалагеит нанҳәа 18 рзы, ари ҩынтәуп иара Аԥсныҟа иаауеижьҭеи.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны аусура ду мҩаԥнагеит, уажәшьҭа абжьааԥны иахьгылоу аҭыԥ ахь рҽеидкыланы ицароуп, ҳәа иҳәеит уаанӡа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Амобилтә госпиталь Аԥсны аҟазаара иалагӡаны иаднакылеит ҩ-нызқь рҟынӡа ауааԥсыра.
Аԥсны
Ацхыраара ду: Быҭәба урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура ахәшьара аиҭеит