Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацхыраара ду: Быҭәба урыстәылатәи амобилтә госпиталь аусура ахәшьара аиҭеит

© Foto / пресс-служба ЮВО Медицинские специалисты Южного военного округа
Медицинские специалисты Южного военного округа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны аусура ду мҩаԥнагеит, уажәшьҭа абжьааԥны иахьгылоу аҭыԥ ахь рҽеидкыланы ицароуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.
Амобилтә госпиталь Аҟәа аусура иалагеит нанӡша 18 рзы, ари ҩынтәуп иара Аԥсныҟа иаауеижьҭеи.
"Урыстәылатәи ҳколлегацәа аусура ду ҟарҵеит. Уажәшьҭа дара абжьааԥны иахьгылоу аҭыԥ ахь рҽеидкыланы ицароуп. Иахьынӡаздыруа ала, дара ԥхынҷкәын 15 рзы ицоит. Уинахыс аидара зегьы аԥсуа медицинатә еилазаара рыбӷа иқәлоит. Ԥхынгәы - нанҳәамзазы аизҳара шыҟаз еиԥш, уажәгьы ҳхала уи ҳаҿагылароуп", - иҳәеит Быҭәба.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аҩынтә раан иааит нанҳәа 18 рзы, акороначымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы. Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
64 иара-ҭыԥ аҵәыҵәри рызнеиуа еиҿкаауп. Урҭ рҟынтәи 13 иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауа рҭарсга аппаратқәа рхагылоуп. Агоспиталь ҵәыҵәрила еиқәнаршәоит Гәдоуҭа игылоу арратә база. Уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 100 баллонк рҟынӡа аҵәыҵәри.
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Аԥсны
Быҭәба Аԥсны араионқәа рҿы COVID-19 аҿиашьазы: ауаа ҭаацәала ахәшәтәырҭа иҭашәоит
Агоспиталь аҿы аус руеит 100-ҩык инареиҳаны, абригадақәа рҽеихшаны аамҭа-аамҭала иҷаԥшьоит. Агоспиталь аҿы имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа р-ПЦР-диагностика.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0