АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik. Омикрон-штамм 70-нтә еиҳа ирласны иалаҵәоит, ауаҩы ирыԥҳақәа рҿы иҿиоит аханатәтәти авирус SARS-CoV-2 ахкы "дельта" аасҭа, ҳәа аҩуеит РИА Новости Гонконгтәи ауниверситет (HKUMed) амедицинатә факультет LKS аҵарауаа рдыррақәа шьаҭас иганы.
Аҵарауаа ишырԥхьаӡо ала, ари аинформациа иуеилныркаауеит "омикрон" егьырҭ ахкқәа раасҭа ауаҩы иҟынтәи ауаҩы шаҟа ирласны ихьуа.
Убри аан омикрон-штамм аан арыԥҳақәа рҿы аҿкра авирус SARS-CoV-2 аасҭа илаҟәуп.
SARS-CoV-2 омикрон-штамм
Ботсванеи Аладатәи Африкатәи Ареспубликеи рҿы акоронавирус аштамм ҿыц B.1.1.529 цәырҵит. Иара 32 еиҭакра амоуп S-хӡы аҿы. Агеном SARS-CoV-2 аҿы аҽеиҭакра ари ахкы атәымцәеижьҿагылақәа ирнышәоит ҳәа ргәы иаанагоит аҵарауаа.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара имҩаԥнагаз аилатәараҿы иазгәанаҭеит B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа. Уи иарҭеит абырзен алфавит 15-тәи анбан ахьӡ "омикрон". Ари аштамм рыхьыр ауеит уаанӡа изхыхгахьазгьы алаҵа ҟазҵахьазгьы. Агәаанагара ыҟоуп уи зиммунитет лаҟәу СПИД зцәа иалоу ауаҩы ицәеижь аҿы ицәырҵит ҳәа.