Урыстәыла иаԥырҵеит атест-система акоронавирус омикрон-штамм аарԥшразы

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ России разработан первый тест на выявление британского штамма COVID-19
В России разработан первый тест на выявление британского штамма COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла 16-ҩык акоронавирус омикрон-штамм рыдбалоуп, урҭ рахьтә 11-ҩык алаҵа рымоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14- Sputnik. Урыстәыла иаԥырҵеит атест-система акоронавирус омикрон-штамм аарԥшразы, абри атәы лҳәеит Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова, аҩуеит РИА Новости.
"Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иаԥырҵеит атест-система акоронавирус омикрон-штамм аарԥшразы. Иахьазы иара гәарҭоит Африка Аладатәи ареспубликаҿы. Уажәы ҳаргьы иԥаҳшәарц ҳалшоит", - лҳәоит Попова Урыстәыла аҭҵаарадырратә академиа алахәылацәа реилатәараҿы.
Акоронавирус SARS-CoV2 авариант ҿыц аарԥшын Ботсванеи Африка Аладатәи ареспубликаҿи.
ВОЗ аҿы иазыԥшуп аштамм ҿыц иахырҟьаны аԥсыҭбарақәа ирыцлоит ҳәа. Аҵарауаа ргәаанагарала омикрон-штамм "дельта" иаԥнагар алшоит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла "омикрон" алаҵа амч арԥсыҽыр ҟалоит, аха еиҳа ишәарҭам.
Вакцинация в Гостином дворе - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Урыстәылатәи алаҵақәа омикрон-штамм аҟынтә хәарҭарас ирылоу аилкаара аҿҳәара атәы рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0