Аԥсны

Афонд "Ашана" еревантәи ахәшәтәырҭаҿ аԥҟарақәа ҩба амҩаԥгаразы аԥареизгара иалагеит

Аԥҟарақәа ҩба рымҩаԥгара, аортезқәа раахәара, аԥҟарашьҭахьтәи аиҭашьақәгылара абарҭқәа зегьы рзын ирҭаххоит 467 нызқьмааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Милана Гогусаниаԥҳаи Денис Аникини роперациаҟаҵаразы аԥареизгара хацнаркит.
Миланеи Дениси еиԥшу ачымазаар рымоуп – ДЦП. Уи иахҟьаны аныҟәара рзыцәгьоуп. Акыр шықәса рҭаацәа рхатәы мчқәа рыла ирхәышәтәуан. Уажәы урҭ афонд иадҵаалеит.
Аԥсны
Афонд "Ашана" фымз зхыҵуа Самир Кәыҵниа изы аԥареизгара иалагеит
2021 шықәса жьҭаарамзазы "Ашана" апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Миланеи Дениси Ереван иҷыдоу аклиника "Субр Аствацамайр" ахь ирышьҭит. Аныҟәара абиомеханика апроцедура мҩаԥыргеит иҷыдоу аппарат аҿы. Абри ашьҭахь еилкаахеит ишаҭаху аортопедиатә операциақәа.
Дениси Миланеи операциак рхыргахьеит, аха уи ахәом. 2022 шықәса, ажьырныҳәамзазы аҽа операциакгьы мҩаԥгатәуп.

"Ахәыҷқәа аклиника "Субр Аствацамайр" аҿы ирзыԥшуп. Уоуп актәи аоперациақәагьы ахьымҩаԥысыз. Уи иабзоураны уажәы еиҳа имшәо ршьаҿақәа еихыргоит. Ахьаагьы рымам", - ҳәа аанацҳауеит афонд "Ашана".

Аԥҟарақәа ҩба рымҩаԥгара, аортезқәа раахәара, аԥҟарашьҭахьтәи аиҭашьақәгылара абарҭқәа зегьы рзын ирҭаххоит 467 нызқьмааҭ.
Ацхыраара ҟазҵар зҭаху адырра иоуеит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.