Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афонд "Ашана" фымз зхыҵуа Самир Кәыҵниа изы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Подопечный фонда "Ашана" Самир Квициния с мамой
Подопечный фонда Ашана Самир Квициния с мамой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы аамҭа мгакәа Москватәи ахәыҷтәы ԥсихоневрологиатә ҭҵаарадырратә центр аҿы дышьҭаҵатәуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" фымз зхыҵуа Самир Кәыҵниа изы аԥареизгара иалагеит. Ахәыҷы инервтә система хада даниз ицины ааха амоуп.
Ахәыҷы игәабзиара ауадаҩрақәа рхы цәырыргеит дышиз. Иара иира аамҭа аиаанӡа диит, иан лҭагылазаашьа ашәарҭаразы. Аҳауазымхараз ихшыбаҩ аҭчаара иалагеит. Атерапиатә курс ашьҭахь аҳақьымцәа иҵоуроу адинамика азгәарҭеит, ахәышәтәырҭагьы дылырҩааит.
Самир хымз анихыҵ иан игәалҭо далагеит ихы шизымкуаз, икапан ишацымлоз. Иаразнакы аҳақьымцәа ирыдҵаалеит.
Копилка добра - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аортезқәа раахәаразы аԥареизгара иалагеит
"Избеит ахәыҷы иҿиара шеиҵахоз. Иқәлацәа ирылшоз шилымшоз. Аневропатолог илҳәеит ихшыбаҩ шчу, напы шидкылатәу" ҳәа еиҭалҳәоит ахәыҷы иан Гәында Сақаниаԥҳа.
Анервтә система хада ааха иамоу иахҟьаны Самир хәыҷы иԥсҭазаара шәарҭоуп.
"Афонд "Ашана" ахәыҷ чымазцәа рзы еснагь ашәқәа аартуп. Уажәы уахь инеит Самир Кәыҵниа иҭаацәагьы. Ианаамҭоу ацхыраара иоур иҩызцәа иҽырхьигӡар ҟалоит, игәабзиара шьақәгылап ҳәа иақәгәыӷуеит. Ҳтәылауаа рахь ааԥхьара ҟасҵоит ахәыҷы ацхыраара ирҭарц", - ҳәа лҳәоит афонд ахылаԥшратә Хеилак алахәыла Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Москватәи ахәыҷтәы ԥсихоневрологиатә ҭҵаарадырратә центр аҿы ахәыҷы ихәышәтәразы 350 нызқь мааҭ аҭахуп.
Ацхыраара шалыршатәу аилкаара алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0