Аԥсны

Бжьаниа аҳаиртә баӷәаза аргылараз апроекттә документациа арыцхәқәа ртәы иҳәеит

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар реизара адепутатцәа рԥылараан иҳәеит, ашықәс нҵәаанӡа аиқәшаҳаҭра анапы шаҵанаҩуа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргыларазы апроекттә институт.
"Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргыларазы шықәсык ашьҭахь апроекттә документациа ҳауеит", - иҳәеит ахада.
Аҳаиртә баӷәаза – ари зқьыла аусурҭа ҭыԥқәа, акурорттә усхк аҿиара, атәыла аекономика ашьҭыхра, иҳәеит иара.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
Бжьаниа Москва аҳауатә еимадара азҵаара далацәажәеит
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы арҭҟәацгақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.
Уаанӡа ахада иҳәахьан аинвестор дшыԥшаау, аиҭашьақәыргыларазы 120 миллион мааҭ шазоужьхо. Бжьаниа иажәақәа рыла, аԥхьатәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәсазы.