Аԥсны

Бжьаниа аекономикатә ҟәша Аинвестпрограмма аганахь ала ацхыраара аиуеит

Ԥхынҷкәын 15 азы Аԥсны ахадеи Жәлар реизара адепутатцәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа рԥылараан еиҭеиҳәеит Аинвестпрограмма –2023-2025 аганахь ала аекономикатә ҟәша ацхыраараз ишазԥхьагәанаҭо миллиардки 800 миллион мааҭ.
Арҭ аԥарақәа акредитқәа рыпроценттә зыԥҵәақәеи аныхрақәа рхарҭәаарақәеи ирзырхахоит ҳәа иҳәеит иара.
Ацхыраара аиуеит ақыҭанхамҩа аусхкгьы ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
"Арахь иаҵанакуеит аиҭаҳатәқәа, ахәшәқәа раахәара. Ииашаны ахархәара ҳзаҭар ари цхыраагӡа бзиоуп", - ҳәа иҳәеит ахада.
Ареспублика аекономика ацифраркра иазырхахоит 800 миллион мааҭ Аинвестпрограмма –2023-2025 ала.
Уаанӡа адырра ҟаҵан адепутатцәа раԥшьгамҭала Аҳәынҭқарра ахада иԥылара апарламент аҟны ишымҩаԥгахо. Ԥхынҷкәын 15 азы ахада ипресс-маҵзура ахада иҳәамҭа ҟанаҵеит аиԥылара шымҩаԥгахо аковидҿагыларатә ԥкрақәа азгәаҭаны, асоциалтә дистанциа иқәныҟәаны Аминистрцәа реилазаараҿы аиԥылара шымҩаԥсуа. Адепутатцәа рыхәҭак аиԥылара Апарламент аҿы имҩаԥысыр акәын ҳәа иазԥхьаӡаны анеира мап ацәыркит.