Аҳәынҭдумаҿы ажәалагала ҟаҵан ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа аԥара рзыршәаларц

Азакәан апроект инақәыршәаны 2022 шықәсазы 13-тәи атәанчахәы 786,2 миллиард мааҭ азырхахоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума аџьеи, асоциалтә политикеи, аветеранцәа русқәеи рзы аилак азакәан апроет азнархиеит есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа аԥара рзыршәаларц. Адокумент аиҳабыра ирзынашьҭуп, ҳәа аҩуеит агазеҭ "Известия".
"Азакәан апроект инақәыршәаны ажәалагала ҟаҵоуп аԥгаԥсатә тәанчахәқәа, аҳәынҭқарратә шәахтә тәанчахәқәа, "арратә" тәанчахәқәа уҳәа зауа зегьы есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа ашәарақәа рзыҟаҵалазарц. Ашәарацҵа аҩаӡара атәанчаҩы абри аамҭазы иоуа атәанчахәы ааҟара иҟазароуп", - ҳәа азгәаҭоуп аилыркаагатә шәҟәаҿы.
Аԥсны
Ишьақәыргылоуп урыстәылатәи атәанчахәыҭара ԥхынҷкәынмзатәи аграфик
Ашықәс ҿыц аламҭалазы атәылауаа ахарџьқәа роуеит аҳамҭақәа, аныҳәатә еишәа уҳәа реиқәыршәаразы, аиҳаракгьы атәанчаҩцәа абри аамҭазы аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара рҭахуп ҳәа азгәаҭоуп.
Уаанӡагьы аус зуа атәанчаҩцәа рзы зныктәи ашәарақәа ашықәс ҿыц аламҭалаз иҟаҵан Владимир Путин иқәҵарала. Апроект авторцәа асеиԥш аԥарацҵақәа ршәара есышықәсатәызароуп ҳәа иршьоит.
Аԥаразоужьра иахыҵхырҭахоит афедералтә биуџьет. Азакәан апроект инақәыршәаны 2022 шықәсазы 13-тәи атәанчахәы 786,2 миллиард мааҭ аҭаххоит. Урҭ рҟынтәи 66,4 миллиард – "арратә тәанчаҩцәа", 719,8 миллиард - аԥгаԥсатә тәанчахәқәа, аҳәынҭқарратә шәахтә тәанчахәқәа зауа.
Уаанӡа афракциа "Справедливая Россия – За правду" ахада Сергеи Миронов аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра рахь 13-тәи атәанчахәы ашәаразы апроект нашьҭуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла 13-тәи атәанчахәы иаҭаххоит 654,8 миллиард мааҭ.