https://sputnik-abkhazia.info/20211216/ayndumay-azhalagala-aan-ashys-yts-alamalaz-atanchatsa-asharaa-rzyaalazarts-1036740585.html
Аҳәынҭдумаҿы ажәалагала ҟаҵан ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа аԥара рзыршәаларц
Аҳәынҭдумаҿы ажәалагала ҟаҵан ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа аԥара рзыршәаларц
Sputnik Аҧсны
Азакәан апроект инақәыршәаны 2022 шықәсазы 13-тәи атәанчахәы 786,2 миллиард мааҭ азырхахоит. 16.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-16T13:09+0300
2021-12-16T13:09+0300
2021-12-16T14:07+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102838/73/1028387358_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_ec71091da284e4c5f06cf4da3359a94e.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума аџьеи, асоциалтә политикеи, аветеранцәа русқәеи рзы аилак азакәан апроет азнархиеит есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа аԥара рзыршәаларц. Адокумент аиҳабыра ирзынашьҭуп, ҳәа аҩуеит агазеҭ "Известия"."Азакәан апроект инақәыршәаны ажәалагала ҟаҵоуп аԥгаԥсатә тәанчахәқәа, аҳәынҭқарратә шәахтә тәанчахәқәа, "арратә" тәанчахәқәа уҳәа зауа зегьы есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа ашәарақәа рзыҟаҵалазарц. Ашәарацҵа аҩаӡара атәанчаҩы абри аамҭазы иоуа атәанчахәы ааҟара иҟазароуп", - ҳәа азгәаҭоуп аилыркаагатә шәҟәаҿы.Ашықәс ҿыц аламҭалазы атәылауаа ахарџьқәа роуеит аҳамҭақәа, аныҳәатә еишәа уҳәа реиқәыршәаразы, аиҳаракгьы атәанчаҩцәа абри аамҭазы аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара рҭахуп ҳәа азгәаҭоуп.Уаанӡагьы аус зуа атәанчаҩцәа рзы зныктәи ашәарақәа ашықәс ҿыц аламҭалаз иҟаҵан Владимир Путин иқәҵарала. Апроект авторцәа асеиԥш аԥарацҵақәа ршәара есышықәсатәызароуп ҳәа иршьоит.Аԥаразоужьра иахыҵхырҭахоит афедералтә биуџьет. Азакәан апроект инақәыршәаны 2022 шықәсазы 13-тәи атәанчахәы 786,2 миллиард мааҭ аҭаххоит. Урҭ рҟынтәи 66,4 миллиард – "арратә тәанчаҩцәа", 719,8 миллиард - аԥгаԥсатә тәанчахәқәа, аҳәынҭқарратә шәахтә тәанчахәқәа зауа.Уаанӡа афракциа "Справедливая Россия – За правду" ахада Сергеи Миронов аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра рахь 13-тәи атәанчахәы ашәаразы апроект нашьҭуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла 13-тәи атәанчахәы иаҭаххоит 654,8 миллиард мааҭ.
https://sputnik-abkhazia.info/20211216/ishayrgyloup-urystylati-atanchakhyara-khynkynmzati-agrafik-1036738108.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102838/73/1028387358_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_2acaa0a2fd8465bef189a421aef436cf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҳәынҭдумаҿы ажәалагала ҟаҵан ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа аԥара рзыршәаларц
13:09 16.12.2021 (ирҿыцуп: 14:07 16.12.2021) Азакәан апроект инақәыршәаны 2022 шықәсазы 13-тәи атәанчахәы 786,2 миллиард мааҭ азырхахоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума аџьеи, асоциалтә политикеи, аветеранцәа русқәеи рзы аилак азакәан апроет азнархиеит есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа аԥара рзыршәаларц. Адокумент аиҳабыра ирзынашьҭуп, ҳәа аҩуеит агазеҭ "Известия".
"Азакәан апроект инақәыршәаны ажәалагала ҟаҵоуп аԥгаԥсатә тәанчахәқәа, аҳәынҭқарратә шәахтә тәанчахәқәа, "арратә" тәанчахәқәа уҳәа зауа зегьы есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалаз атәанчаҩцәа ашәарақәа рзыҟаҵалазарц. Ашәарацҵа аҩаӡара атәанчаҩы абри аамҭазы иоуа атәанчахәы ааҟара иҟазароуп", - ҳәа азгәаҭоуп аилыркаагатә шәҟәаҿы.
Ашықәс ҿыц аламҭалазы атәылауаа ахарџьқәа роуеит аҳамҭақәа, аныҳәатә еишәа уҳәа реиқәыршәаразы, аиҳаракгьы атәанчаҩцәа абри аамҭазы аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара рҭахуп ҳәа азгәаҭоуп.
Уаанӡагьы аус зуа атәанчаҩцәа рзы зныктәи ашәарақәа ашықәс ҿыц аламҭалаз иҟаҵан Владимир Путин иқәҵарала. Апроект авторцәа асеиԥш аԥарацҵақәа ршәара есышықәсатәызароуп ҳәа иршьоит.
Аԥаразоужьра иахыҵхырҭахоит афедералтә биуџьет. Азакәан апроект инақәыршәаны 2022 шықәсазы 13-тәи атәанчахәы 786,2 миллиард мааҭ аҭаххоит. Урҭ рҟынтәи 66,4 миллиард – "арратә тәанчаҩцәа", 719,8 миллиард - аԥгаԥсатә тәанчахәқәа, аҳәынҭқарратә шәахтә тәанчахәқәа зауа.
Уаанӡа афракциа "Справедливая Россия – За правду" ахада Сергеи Миронов аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра рахь 13-тәи атәанчахәы ашәаразы апроект нашьҭуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла 13-тәи атәанчахәы иаҭаххоит 654,8 миллиард мааҭ.