Аԥсны

Игор Ахба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵала Игор Мураҭ-иԥа Ахба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп евразиатәи аинтеграциа аусхк аҿы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Ԥхынҷкәын 16 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змаз ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭитәит аҽа усурак дахьиасуазы.
Игор Ахба 72 шықәса ихыҵуеит. 1992-2008 шықәсқәа рзы Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу хаҭарныкс дыҟан. 2008-2021 шықәсқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змаз ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан. Ианашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.
Аԥсны
Игор Ахба Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп