Аԥсны

Игор Ахба Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змаз ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭитәит, ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.
Абри азы адҵа Бжьаниа инапы аҵеиҩит 2021 шықәса ԥхынҷкәын 16 азы.
Адокумент аҿы иаҳәоит Ахба ихы дақәиҭтәуп аҽа усурак ахь дахьиасуазы ҳәа.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩс Игор Ахба дыҟан 2008 шықәса раахыс. 2004 шықәсазы Аԥсны ААР аминистрс дыҟан.