АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа автотранспорттә хархәагақәа рахысра аԥҟара алацәажәаразы, ҩ-тәылак рҳазалхратә маҵзурақәа аусутә еиԥылара мҩаԥыргеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы, аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит аҳазалхратә закәанԥҵара еиҳа еиларго ишалагаз аамҭала Урыстәыла аҵакырахь аԥснытәи аномерқәа змоу амашьынақәа риагараан. Убри азы изакәаным аоперациақәа рымҩаԥгара раарԥшреи ралмыршареи рзы ауснагӡатәқәа рӷәӷәоуп.
Убри инадҳәаланы аганқәа алацәажәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы амашьынақәа реишьҭагыла арманшәалара.
Иазыӡбан урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аномерқәа змоу амашьынақәа ҩ-цәаҳәакны инашьҭлазарц.
Аиԥылара алахәылацәа атауармҩасреи, амашьына ласқәеи автобусқәеи рымҩасреи шеиҭаку азы аинформациа аимдара аҵакы шамоу азгәарҭеит. Еиқәшаҳаҭхеит аамҭа-аамҭала абри азы аинформациа еимырдаларц.