Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аурыс-аԥсуа ҳәаа аҟны автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" еиҭашьақәдыргылоит

КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥхынтәи аамҭазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иахысуа рхыԥхьаӡара еиҳахоит, амашьынақәа- хәынтә-фынтә, ауаа риасра – ҩынтә.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7- Sputnik. Шәача автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" арҿыцра иалагараны иҟоуп ҳәа аҩуеит ФГКУ "Росграснтрои" апресс-маҵзура.
Апроект-ҭҵааратә усурақәа ирылагараны иҟоуп 2022 шықәсазы. 2024 шықәсазы ирылагоит аргыларатә усурақәа, рхыркәшара азыԥхьагәаҭоуп 2025 шықәсазы.
ФГКУ Росграснтрои Шәачатәи афилиал адиректор Сергеи Бондарев иазгәеиҭеит есыҽны аҳәаа иахысуеит 10 нызқь рҟынӡа автомашьына, 55 000-ҩык ауааԥсыра ҳәа. Убри аан аушьҭырҭатә ҭыԥ 1,5 нызқь транспорт хархәагеи 28 нызқь хаҿи риасра ауп лшараны иамоу.
Граница Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Шәача аиҳабыра Аԥсны аҳәааҿы иҟоу агәаранқәа раԥыхра рҽазыршәоит
Аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭарҿыцреи ацҵареи иалнаршоит уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуа 11,5 нызқь рҟынтәи 68 нызқьҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара ацҵара.
Аиҭарҿыцраҿы иарбоуп аушьҭырҭатә ҭыԥ аҭбаара, автомашьынатә цәаҳәақәа реизырҳара, апаспорттә гәаҭара ауадақәа реизырҳара.
Ара иқәыргылахеит иҿыцӡоу автоматизациатә системақәеи зтехнологиақәа ҳараку амаругақәеи.
Аиҭаргылара иалнаршоит агәаҭаратә процедурақәа еиҳа ирццакны рхысра, ашәарҭадара аиҿкаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0